Ахәра зманы ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаргаз ауаҩԥсы иҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылауаҩ А. Џьыкырба Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган автомат "Калашников" ала иаб даниехс ашьҭахь.

АҞӘА,цәыббра 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Заб хынтә автомат ала иеихсыз ахаҵа иҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа.

"Аоперациа ашьҭахь иҭагылазаашьа шыхьанҭац иҟоуп. Уи асеиԥш иуадаҩу аоперациақәа рышьҭахьтәи аҭагылазаашьа иақәшәоит", - иҳәеит Гәыргәлиа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Ш. Џьыкырбеи иԥеи ирыбжьалаз аимак аан хынтә иԥа А. Џьыкырба автомат "Калашников" ала диеихсит. Абри ашьҭахь ихаҭа иҽишьит. Ахҭыс ҟалеит цәыббра 9, асааҭ 11:00 рзы Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҿы. Иазгәаҭоуп ахысра зламҩаԥгаз автомат ашәҟәы иҭагалаӡамызт ҳәа.

Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит, аҭыԥ аҿы ирбеит абџьари иҭҟьаз апатронақәа ԥшьбеи. Агәаҭара ахыркәшара ашьҭахь апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0