Аԥсны еизгоу акоманда анапхгаҩы "Арратә хәмаррақәа" рҿы акоманда ахәшьара аиҭеит

© Foto / предоставлено Алясом ВаначаМеждународные армейские игры
Международные армейские игры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020" мҩаԥысуан нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа. Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны аицлабрақәа ирылахәын Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу инаԥхьарала.

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи акоманда 16 аҭыԥ ннакылеит "Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020" рҟны, ҽааназы рырбагақәа реиӷьтәра рыгәҭакуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны арратә мчрақәа техникала реиқәыршәара аҟәша аиҳабы, амаиор Алиас Уанаҿа.

Яша Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәба Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рзы: ҽаангьы ҳаарц иақәкны иҳамоуп

"Алахәылацәа зегьы апрофессионализм аадырԥшит. 32 команда рҟынтәи Аԥснытәи акоманда 16 аҭыԥ ннакылеит. Ҳара аҽазыҟаҵаразы аамҭа маҷны иҳаман, аха ишьахәны ҳхы ааҳарԥшит. Ҳақәгәыӷуеит ҽаангьы ааԥхьара ҳауп, еиӷьынгьы ҳхы ааҳарԥшып ҳәа", - иҳәеит Уанаҿа.

Аиндаҭларақәа 30 рҟынтәи Аԥснытәи акоманда хә-еицлабрак аҽрыланархәит: "Атанктә биатлон", "Абџьар азҟаза", "Ишәарҭоу араион", "Адәынтәи ахәыҟаҵара" "Арҿиаратә музыкатә конкурс".

Аицлабра "Абџьар азҟаза" иалахәыз Аҟәатәи арратә зеиԥшкомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсант Ахмаҭ Ахба РПГ-7 ала ихысуа иреиӷьу ҳәа далкаан.

"Атанктә биатлон" иалахәыз аекипаж аамҭа бзианы иаанарԥшит, аха аицлабра изалахәымхеит избанзар Аԥснытәи акоманда х-екипажк рцынхәрас екипажк роуп уахь инаргаз.

"Арратә хәмаррақәа рҿы аиааира агеит Урыстәыла арбџьармчқәа ркоманда. Иалшоны иҟаз 30 медал рҟынтәи иара ианашьахеит 25 хьтәы медал.

Ажәабжьқәа зегьы
0