COVID-19 рыдбалоуп даҽа 30-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 756-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 198-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 7-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, цәыббра 16- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 160-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 30-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 71-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 69-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп фҩык", - аҳәоит адырраҭара.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0