"Ты – супер!" аԥшьбатәи асезон акоронавирус ацасҳәагьы ихацыркхоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФинал конкурса "Ты супер!" в Государственном Кремлевском Дворце
Финал конкурса Ты супер! в Государственном Кремлевском Дворце - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асезон ҿыц иалахәхоит 58-ҩык ахәыҷқәа. "Ты супер!" иалахәхоит атәылақәа жәба (Урыстәыла, Аԥсны, Украина, Белоруссиа, Киргизиа, Молдавиа, Қырҭтәыла, Естониа, Азербаиџьан) рхаҭарнакцәа. Аконкурсантцәа ҿыцқәа реиԥш асценахь инеиуеит уаанӡатәи асезонқәа рлахәылацәагьы.

Ателеилахәыра НТВ-и жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik-и Аҵара аминистрра адгыларала имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи авокалтә конкурс "Ты супер!" аԥшьбатәи асезон аԥхьарбара ателеканал НТВ аефир аҿы имҩаԥгахоит цәыббра 20 рзы. Иара аныда абыда иаанхаз ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо Жәларбжьаратәи авокалтә конкурсуп.

Sputnik, Лев Рыжков

Ижәытәуи иҿатәуи ахаҿқәа

Аофициалтә старт аҟынӡа мышқәак роуп инхаз. Цәыббра 16 рзы ишиашоу ицо аефир аҿы имҩаԥысит асезон ҿыц аӡыргара.

Ашоу "Ты – супер!" алахәылацәеи ахәаԥшцәеи аԥсшәа ралҳәеит МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан.

LIVE: Второй полуфинал международного конкурса Ты супер! на НТВ 19.05.2018 - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" асезон ҿыц аефир ахь инагахоит цәыббра 20 рзы

"Сара агәахәара сымоуп ажәытә СССР иахьаҵанакуаз аҟынтә аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа ралыԥшаара ахьҳалшо. Насыԥ ҳаманы исшьоит ахәыҷқәа абри аҩыза алшара раҳҭартә ҳахьыҟоу. Сгәыӷуеит дара ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара аҽакала иахәаԥшуа иҟалап ҳәа", - лҳәеит лара.

"Сара сзы "Ты – супер!" – сыԥсҭазаараҿы иреиҳау проектуп – ҳәа азгәеиҭеит ателеканал НТВ апродиусер хада Тимур Ваинштеин. – Ҳапроект иалнаршеит агәыҳалалратә фонд аҟынтәи 45 стипендиа ашәара. Рықәра наӡаанӡа ишҳалшо ала апроект алахәылацәа адгылара раҳҭалоит".

Уаанӡатәи асезонқәа раан иаиааиз Валериа Адлеиаԥҳаи Диана Анкудиновеи ргәыхәтәы наӡеит. Иаҳхысыз асезон аан абизнесуаҩ, амеценат Михаил Гуцериев илшарала аҳҭнықалақь аҿы ауадақәа роуит 12-ҩык афиналистцәа.

Уи адагьы Тимур Ваинштеин иҳәеит аҭаацәара ҿыцқәа зқәашьхаз апроект алахәылацәа шыҟоу. Ашколқәа ирылгаз ракәзар, рыпрофессионалтә ҿиара иацырҵоит.

"Ари асезон аҿы зегьы ирбар ҳҭахуп ахәыҷқәа шеизҳаз. Убри азы апрограмма иалахәхоит уаанӡатәи апроектқәа ирылахәыз, зыпрофессионалтә мҩа иацызҵо аҿар. "Ты - супер!" аҟынӡа асоциалтә хырхарҭа змоу апроектқәа шоу ҳасабла иддырбомызт, аха ҳара иаҳҭаххеит егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирбаларц. Иахьазы 600 миллионҩык YouTube ала иҳахәаԥшуеит", - иҳәеит иара.

Аҳәаақәа ирхысны

Уанӡатәи СССР аҵакыраҿы аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа ралԥшаара иаҿуп амаҵзура Sputnik. Сынтәа акарантин ари аус аруадаҩит.

Микрофон - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" аԥшьбатәи асезон акастинг хацыркуп

"Ахәыҷқәа рыԥшаара уадаҩра аҵамызт, иуадаҩыз урҭ аҳәаақәа рахыгара акәын. Убас, Естониатәи алахәыла Финлиандиантәи апаран ала дааит, Кыргызиеи Азербаиџьани рҟынтәи алахәылацәа Сҭамԥылынтә ҳаирапланла иааит, Қырҭтәылатәии Белоруссиатәии ҳлахәылацәа шьапыла аҳәаақәа ирхысит", - ҳәа еиҭеиҳәеит ауаажәларра рнырразы ЖәАМ "Россия сегодня" адиректор Петр Лидов-Петровски.

Уажәы алахәылацәа Москва амҵантәи аԥсшьаратә базаҿ инхоит.

Ажиури иалахәуп – акомпозитор Игор Крутои, арок-гәыԥ "Ночные снайперы" анапхгаҩы Диана Арбенина, ашәаҳәаҩ Иолка, амузыкант, актиор Алексеи Воробиов.

Авокалтә конкурс "Ты супер!" мҩаԥыргоит ателеилахәыра НТВ-и жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik-и Аҵара аминистрра адгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0