Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыгараан ашәатәқәа рзы: излауала иҳармаҷырц ҳаҿуп

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт аан аҳәааҟны ашәатәқәа реиҵатәра азҵаара шҭырҵаауа, аус адулара шцо атәы.
Џьапуа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыграан ашәатәқәа рзы: излауала иҳармаҷырц ҳаҿуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрцәа адҵа риҭеит ацитрусқәа Аԥсны анҭыҵҟа рекспорт ахәԥса аларҟәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.

Ҵыԥх ацитрус шәырқәа аҳәаақәа рахыгаразы аҳазалхратәи егьырҭ ашәатәқәеи 11-12 мааҭ ауаа ирызтәон кьылак аҟынтә, сынтәа уи излауала армаҷразы анапынҵа ҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

"Шәҟәыла аиқәшаҳаҭрақәа ыҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳәаа ахыгараан аҳазатә баџь рымшәаларц, аха иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә шыҟац иҟоуп.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада анапынҵа ҟаиҵеит ацитрусқәа рекспорт азы аныхрақәа рмаҷзарц

Уажәы араантәи амандарина, араса ҳара ҳҟны иахәҭоу ашәахтәқәа анахырго, иназыцҵоу ахәԥсазы аурысцәа ашәахтә ргоит 10 процентк, иҟоуп 20 процент ахьырго. Уажәы араса 135 мааҭ ҳәа ақәҵаны ирымоуп Урыстәыла аганахьала, уаҳа ҳзеиҵахаӡом ҳәа ирыӡбаз ауп. Уи аҟынтәи акалькулиациа ҟарҵоит. Зегьы еизугар, аурысцәа иргогьы нацҵаны 27 мааҭ ҟанаҵоит 135 мааҭ рҟынтәи, аҳәаа ахыгара 30 мааҭи 50 капеи алҵуеит. Акалькулиациа ацитрус аҟны иаҳзыҟаҵар 6-7 мааҭ иреиҳамкәа, ауаа рзы еиӷьхон. Аекспорт ахыгараан амзызқәа рацәаӡоуп, шәҟәыла иҟоу анаҩс иҽеимкәа зхы иазырхәо ауаагьы ыҟазар акәхап, аха урҭ рымчқәа убриаҟара ишьақәгылахьеит, даара иахьыцәгьоу ыҟоуп риааира. Аҳәынҭқарра ахада далархәны ԥсыхәа ахьынӡамоу илаҳарҟәырц ҳгәы иҭоуп (ашәатәқәа - аред.)", -  иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0