Аналитикеи акритикеи рыҟамзаара аибарҽхәара анарҿио

© Sputnik / Evgeny Biyatov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТеатрализованное представление на церемонии открытия XIX Всемирного фестиваля молодежи и студентов (ВФМС) в Ледовом дворце "Большой" в Сочи
Театрализованное представление на церемонии открытия XIX Всемирного фестиваля молодежи и студентов (ВФМС) в Ледовом дворце Большой в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа театртә, алитературатә, амузыкатә аналитикеи акритикеи рҭагылазаашьа азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Коӷониаԥҳа: аналитикеи акритикеи рыҟамзаара аибарҽхәара анарҿио

Асовет аамҭа амалырқәа амазаргьы, зегь акоуп абырҵкал икылнахуаз рацәан ацензура бааԥсы шуԥылозгьы. Иаҳҳәап, атеатр аҿы аспектакль ахәаԥшыҩцәа рахь ицәырыргаанӡа, акультура аминистрра ахаҭарнакцәеи, атеатр асахьаркыратә еилазаареи, аинтеллигенциеи адгаланы, имҩаԥыргон ахәаԥшра. Иҟан Аԥсны анҭынҵынтәи атеатрҭҵааҩцәа ааԥхьара анроуазгьы. Наҟынтәи иаауаз апрофессионалцәа иаахтны ргәаанагара рҳәон, аҭыԥантәиқәагьы аспектакль иагыз-иабзаз ҳәаны, ма аус адуларахьы ирышьҭуан, мамзаргьы ахәаԥшцәа дырбаразы амҩа арҭон.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

Иахьа аспектакль ахаҭа аҭыҵра акыр агзаргьы, заа иӡырыргоит, заа ахәшьара арҭоит знапы иҵыҵуа. Алитература амҩақәҵараҿгьы иҟан амҩақәа, иҭыҵуан акритикатә статиақәа знылоз аизга "Ажәеи аамҭеи", иара убас, ажурнал "Алашараҿы" ицәырҵуан еиуеиԥшым иҵарыз ақәгыларақәа. Амузыка аганахьгьы ашәақәа рҭыҵра ахә зшьоз амузыкантцәа ыҟан.

Хымԥада, аҟазацәа рахьтә аӡәы еиҳа илшарақәа ҭбаан, даҽаӡәы дхьысҳазар ауан, аха, зегь акоуп, хылаԥшрак аман. Иахьеиԥш инеиужьны аибарҽхәареи ахырҽхәареи ыҟамызт сҳәар сылшоит урҭ аамҭақәа ирхааныз лаҳасаб ала.

Иаҳбозеи иахьа? Аспектакль ықәзыргыло ихаҭа ирҽхәо асоциалтә ҳақәа рҿы даацәырҵуеит, ашәҟәы зызҭыжьыз аӡыргара мҩаԥигоит, уаҟа ихырку ажәақәа рҳәар рылшоит абжьааԥны ианимаҳауа дҵәылызхуа.

Араӡара даара имариам усхеит ҳазҭагылоу аамҭазы. Аԥҳа иҟалҵо ан илырҽхәоит, нас ауацәеи аҭынхацәеи аҷаққәа (алаикқәа) аақәдыргылоит, убри аан ахҳәаа даҽа хырхарҭак аҭан изҩызгьы ижәлоит уи иазку арҽхәаҩцәа. Акыр иџьбараз акритик Владимир Аҵнариа истатиақәа руак аҿы иҩхьан "ҳара ҳаиуареи ҳҭынхареи шыҟоу ала, акритика уамак анарха амам" ҳәа. Аҵарауаҩ Владимир Агрба иакәзар, ирониатә ҟазшьала ихы дахлафаауа иҳәахьан "акритика шамуаз анызба, арҽхәарахьы сиасит" ҳәа.

Апҟара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Шәара шәазхәыц, арҭ ахыбаҩқәа акритика аԥеиԥш шамамыз рҳәозҭгьы, азҵаара заҟа ихьанҭахаз? Апоет Таиф Аџьба дышхәыдамызгьы, "Пушкин ишьҭахь ажәеинраала аҩра цәгьоуп" иҳәон, аклассик иҩаӡара аҽахьыгӡара шыуадаҩыз еилкааны. Пушкин анаҳҳәа, хыԥхьаӡарала аурыс гени ишәҟәқәа раҵкыс ҭзыжьхьоугьы ануԥыло ыҟоуп ҳара ҳҿы, ахыԥхьаӡара мацара иаанаго ыҟазар. Ҳазҭагылоу аамаҭазы "споет бзиоуп" зҳәаз дпоетхоит, "срежиссиор дууп" зҳәаз дрежиссиоруп, скомпозиторуп зҳәазгьы ус.

Абри аамҭазы, аҟазараҵәҟьа злоу ашәшьыра ианыҵахогьы ҟалоит, избанзар дара рхы ирзаҭәашьом ахӡыргара. Аколонкақәа равтор лаҳасабала, исгәаԥхо аспектакль иагу иабзоу атәы мацара сыҩуа салагеит, иара убас, даара дҟазоуп ҳәа ззысыԥхьаӡо изкны ажәа сҳәоит. Даараӡа исҭахын зны, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа Г. Лорка ипиеса "Бернарда Альба лыҩны" иазкны сгәаанагара сҩырц. Аспектакль цәгьа исгәаԥхеит, ҳаԥсҭазаара иашьашәалоуп. Иҟан иара убас сгәы еихьызшьуазгьы, уигьы сҳәарын, аха уаҟа ароль хадақәа руак саҳәшьа иналыгӡон азы, исыҩуа ԥсыуаҵас ииашахом сҳәан, савсит.

Акырынтә исҳәахьеит, хаҭала атеатрқәа русуразы Аԥсны анҭыҵынтәи атеатрҭҵааҩцәа ааганы, ҳтеатрқәа зегьы ррепертуар иахәарԥшны, "аҩеи-аӡеи" еилырхыр бзиан ҳәа.

Атеатр - Sputnik Аҧсны
Атеатри ахымҩаԥгашьеи

Аибарҽхәареи ахырҽхәареи акультура абзиахь икылнагом, аԥхьаҩи, ахәаԥшҩи ироуроуп алшара, раҵкыс здыруа ианализ аԥхьара, азыӡырҩра, уи акыр иацхраауан агьама бзиа ашьҭкаара. Иахьа асоциалтә ҳақәа рҿы иубоит аԥсуаа иҳацәтәымыз ацәырҵрақәа, урҭ ирылыскаауеит ауацәеи аҭынхацәеи еицлабны рҭахцәа ахьдырҽхәо. Зҭынха дминистрхаз Facebook адаҟьаҿы адныҳәалара ҟалҵар лылшоит, аҩны днеины ималырҽхәар амуашәа. Абас, асоциалтә ҳақәа рцәырҵра ҳабҩарақәа цәырнаго иалагеит, аха, зегь реиҳа ихьаагатәу, аҟазараҿы аибарҽхәара аҳра ауа иахьалагаз ауп.

Аҵарауаҩ Валери Бигәаа абри азҵаатәы хьааганы, мышқәак раԥхьа абас ахҳәаа ҟаиҵон Facebook аҿы: "Еибарҽхәарыла ҳдоуҳатә культура инхаз ахәыҷгьы ҳалгоит. Аԥсышәала иҭыҵуа - газеҭума, журналума, шамахамзар аинтеллекттә зыҟаҵара рныԥшӡом. Ҩышьа ззымдыруа авторцәа, аҩымҭа еихҳәеиҵҳәа иананырҵо рацәоуп. Ак сҳәоит ҳәа уаналага, уԥсыр уҵәыуара иааӡом. Ас ҳаналага, ҳсахьаркыратә литературагьы ҟалом, ҳмилаҭтә журналистикагьы".

Ари зыҩуа аҵарауаҩ Бигәаа ихы дацәшәаны акәым, иаргьы ибарҭоуп ҳазну амҩа азоуп дызгәамҵуа. Аҵарауаҩ абри азҵаатәы азы аилацәажәара аҭахуп ҳәа агәаанагра имоуп. Зегьы иреиӷьуп, иҟоу аҟазара ахырхарҭақәа, алитературагьы уахь иналаҵаны, атәы здыруа ахҳәаа арҭалар, апрофессионал иажәа акраҵанакуеит, ҳазҭагылоу ирҩашьагоу аамҭазы.

Ус сҳәаргьы, иахьа атеатртә, алитературатә, амузыкатә аналитика хықәкыла иаҿу дарбану? Ари аганахь аҵара змоугьы рацәаҩым, ари амҩа хра шалам баны уи занааҭс ишьҭызхуагьы маҷҩуп. Абас ҳашцо ҳанца, зынӡа ҳҩашьоит, аграфоман ҳаԥхашьаны апремиа иаҳҭар ҟалоит, аҵарадыррахь ус змам имҩа ааҳартыр ауеит.

Избан изалымшои? Ԥынгыла дук ыҟоума? Ацензура бааԥс акәымкәа, хра злоу аналитика ир, иԥсыҽу аган иаванархар ҟалоит, аха уи иаҭахуп агәаӷьра ду атәы здыруа рганахьала.

Аԥсуа драматә театр асценаҿы. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Асценатә бызшәеи уи аҭагылазаашьеи

Шәазхәыц, иаҳҳәап аҳәынҭқарра ахарџь ала ҵакы змам ашәҟәы аҭыжьра ахарџь баша аӡы ишҭаԥсо... Шәазхәыц, ҳара, зекономика хьысҳау ҳзыҳәан, уи заҟа иаахоу. Аамҭа цар, зегь акоуп ихьысҳау канаԥсоит, ахҷаҭқәа роуп иаанхо.

Аԥхын ақыҭаҿы аԥсшьара азы санцо, есышықәса иаасыртуеит Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа реизга. Ҿыц избазшәа сеиҭарыԥхьоит иҩымҭақәа. Саԥхьацыԥхьаӡа исныруеит, урҭ рхыԥша заҟа иҵаулоу. Аԥсшәа ахаҭа мыӡыр, Гогәуа иҩымҭақәа наунагӡоуп, егьырҭ аклассикцәа Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба уҳәа аамҭа иԥнашәахьоу арҿиаҩцәагьы рырҿиамтақәа налаҵаны. Аамҭа ахаҭа зеиӷьыҟам бырҵкалуп, аха усгьы, аибарҽхәареи ахырҽхәареи ҳазмырҿио ҟазшьа бааԥсуп…

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0