COVID-19 аҟынтәи алаҵа уаанӡатәи СССР атәылақәа рахь анашьҭра азҵаара иалацәажәеит

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гамалеиа ихьӡ зху Аҭҵааратә центр аҿы аус зыдулоу акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник V" агәаҭаратә партиақәа Урыстәыла арегионқәа зегьы ироуит.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik, Лев Рыжков. Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр адиректор Александр Гинцбург иазиԥхьаӡоит Урыстәыла алшарақәа шаԥшаауа акоронавирус COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник V" уаанӡатәи СССР атәылақәа рзынашьҭразы. Убри аан массала алаҵа рзынашьҭуам, избанзар зназы иарала урыстәылатәи ауааԥсыра еиқәыршәатәуп.

Вакцину Спутник V выпустили в гражданский оборот. Кого привьют первыми? - Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 аҟынтә Урыстәылатәи алаҵа аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит

Аха Урыстәыла азыхиоуп алаҵа атехнологиа рыҭара. Убри азы изауа атәыла ааглыхратә мчрақәа иахәҭаны иамазароуп.

Адиректор Гинцбург игәаанагарала, Урыстәыла ауааԥсыра лаҵала реиқәыршәаразы 9-12 мзы аамҭа аҭахуп.

"Гамалеиа ихьӡ зху аинститут аҵакыраҿ иҟоу анаплакы х-сменакны аус ауеит, аха ҳтәыла ауааԥсыра зегьы лаҵала реиқәыршәаразы алшара амам, - ҳәа иҳәеит Александр Гинцбург. – Иахьазы атехнологиақәа рытрансфер 3-4 ааглыхратә плошьчадка рымоуп. Иҟалап абҵарамзазы арҭ аплошьчадкақәа рҿы 5-6 миллион доза ҭрыжьуа иҟаларгьы. Уи иалнаршон 9-12 мзы рыла алаҵа аҭыжьра 70-80% рҟынӡа анагара".

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, алаҵа аҭыжьразы иаҭахуп атехнологиа ҷыдақәа.

"Сара сгәы иаанагом уа (СССР атәылақәа) атехнологиатә плошьчадкақәа хиоуп ҳәа. Дара рҽаздырхиар, атрансфер Анцәагь дахәон. Аха уаҟагь Белоруссиатәи аҭагылазаашьа акәхап иҟоу. Асеиԥш аан ҳара иҳалшо ацхыраароуп. Уажәы ицоит аицәажәарақәа ареспубликақәа (уаанӡатәи СССР ареспубликақәа) реинырразы".

Массала алаҵа алагалара зыҟалом ҳәа иҳәеит Гинцбург. Аха анаплак дуқәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы аҭыжьра еиҿкаахар алшоит. Иаҳҳәап, Индиа.

Александр Гинцбург иажәақәа рыла, Урыстәыла инхо аҳәаанырцәуаагьы ирылшоит алаҵа аԥышәара рхы аладырхәыр.

"Ҳлабораториаҿ аԥкырақәа ыҟам. Азакәанԥҵара адискриминациа аныԥшуам", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Александр Гинцбург.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0