Апрокуратура хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи: азаҭ ацәгьоура бааԥсқәа аҵанакыр ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото СИЗО Дранда
Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит. Азаҭ ахь иаҵанакыр алшоит 50-ҩык рҟынӡа иҭаку ҳуааԥсыра.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рҿы ашәара аадырԥшуеит адепутатцәа ирыдыркылаз азаҭ аҭаразы азакәан апроект ахь ацәгьоура бааԥсқәа ҟазҵаз аҵанакыр ҟалоит ҳәа.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра акт: Апарламент аиҳабы амнистиаз аӡбара шрыдыркылаз атәы иҳәеит

"Азаҭ азы ақәҵара ахԥатәи апункт аҿы иаҳәоит аусмҩаԥгара аанкылахоит аинвалидцәеи ачымазцәеи рганахьала ҳәа, аха ара иарбам ацәгьоура ахьанҭара алкааны. Иалшоит ацәгьара бааԥс зузгьы аҵанакыр", - ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба, Апарламент адкыламҭа ахҳәаа аҭо.

Апрокуратура хада ацәшәара амоуп аибашьра алахәрази ачымазаратә ҭагылазаашьази иԥаршеиу адыррақәа ахархәара роур ҟалоит ҳәа. Убри азы адокументқәа зегьы иныҭкааны иҭҵаалатәуп ҳәа иҳәеит иара.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иазгәеиҭеит аибашьра аветеранцәа ҳаҭыр ду шрықәиҵо, аха Дранда иҭаку реиҳараҩык румҭақәа ацәгьоура хьанҭахьы ишаҵанакуа, убри азы ирхырымгац аамҭа аркьаҿра ҵаҵӷәы шамам.

Ҷкадуа иара убасгьы иҳәеит азаҭ СИЗО ахьҭәу ауп ари ақәҵара зрыдыркыло ҳәа мзызс иааргаз шьаҭара шазымуа.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы Дранда иҭакуп 310-ҩык зус ӡбоу. Ҷкадуа иазгәеиҭеит ара 500-600-ҩык рҟынӡагьы аамҭак ала ианҭакыз шыҟаз.

Ашәарҭара ыҟоуп азаҭҭараан Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәра иалахәыз рсиа аиашара иацәыхарахар алшоит, абри аоперациа иалахәымызгьы ахақәиҭра роур ауеит ҳәа иҳәеит Апарламент адепутат Баҭал Аиба.

Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иара иҳәеит азаҭҭара даҿагыланы ибжьы шиҭииз. Азаҭҭара амассатә ҟазшьа аиуит ҳәа азгәеиҭеит иара. Игәаанагаралагьы аҳәынҭқарра аҳаҭыр ланарҟәуеит. Адепутатцәа ауаажәлар рҿаԥхьа аҭакԥхықәра рымазароуп ҳәа иазишьоит Аиба.

ПК Валерия Агрба в парламенте  - Sputnik Аҧсны
Азаҭ ахь иаҵанакыр алшоит 50-ҩык рҟынӡа ҳуааԥсыра

"Аибашьра аветеранцәа адгылара рыҭо ԥхьаҟазы рнапқәа ԥҳартлоит. Дара ирдырлоит уажәшьҭарнахыс уаҵәгьы ацәгьа рур азаҭ иаҵанакыр шалшо", - иҳәеит апарламентари.

Апарламент ақәҵара инақәыршәаны арахь иаҵанакуеит Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа, арезервистцәа, 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа алахәылацәа.

Ацәгьоура бааԥсы ма ацәгьоура бааԥсӡа зуз ирхыргараны иҟоу ашықәсқәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәуеит азаҭ инақәыршәаны.

Апарламент иаднакылаз азакәан амчра аиуеит иара официалла ианкьыԥхьха инаркны, ҩымз рыҩнуҵҟа инагӡахароуп.

"Ҩымз ҳамоуп амедицинатә документациа аилыргаразы. Ауаа актәии аҩбатәии агәыԥқәа иртәу иринвалидцәоу, Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәылацәоу, 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа иалахәылацәоу аилыргаразы", - иҳәеит арадио Sputnik аҿы Амҷба.

Даур Амҷба ақәҵара анагӡара рықәҵоуп ҳәа иҳәеит:

"Ахарадҵа анагӡара ахәҭаҿы уи аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирықәҵоуп, ахараԥса ашәара ахәҭаҿы – аӡбарҭа анагӡаҩцәа. Аха арҭ аусқәа зегьы аӡбарҭахь рынашьҭраан еилыргахоит хымԥада апрокурор иалахәрала. Уи адагьы аусҭҵаараҿ иҟоу аусқәа ахьчара аган азыҳәалеи зус рыӡбо иақәшаҳаҭралеи ирыхәаԥшраны иҟоуп. Хымԥада азаҭҭара иақәшаҳаҭзароуп. Апрокурор ихаҭыԥуаҩ дақәшаҳаҭу дақәшаҳаҭму азгәеиҭароуп", - ҳәа иҳәеит Амҷба.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Асида Шьаҟрылԥҳа АТ аефир аҿы илҳәеит Драндатәи абахҭа ауаҩытәыҩса иҟазаара анормақәа ишрықәымшәо, аха ауаажәларра рҿы ирыдыркылаз ақәҵара еиуеиԥшымкәа ишрыдыркылаз.

"27 шықәса рыҩнуҵҟа ари ажәбатәи заҭуп. Урҭ рҟынтәи фба Аиааира амш аламҭалаз ирыдкылан. Иуҳәар ауеит есхышықәса азаҭ ҳадаҳкылоит ҳәа. Ҳара азаҭ азы азакәан ҳамам. Сгәы иаанагоит адепутатцәа абри азҵаараҿы аветеранцәа рхы иархәаны абасеиԥш иҟоу агуманитартә акциа аҳаҭыр ладырҟәуеит ҳәа", - лҳәеит лара.

Шьаҟрылԥҳа оумашәа илбоит адепутаттә корпус ахымҩаԥгашьа. Ганкахьала анаркотикқәа реикәыршаразы ахара дырӷәӷәеит, даҽа ганкахьала еимактәу азаҭ рыдыркылеит.

Архивное фото СИЗО в Дранде - Sputnik Аҧсны
Аиааира Амш аламҭалаз Аԥсны амнистиа рылаҳәахоит

"Апарламент иахьа асанкциақәа арӷәӷәоит, уаҵәы ацәгьа зуз рахьырхәра иацәцартә иҟарҵоит. Исзеилкаауам", - лҳәеит лара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит азаҭ азы азҵаара иныҭкааны иҭҵаазарц.

Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит.

Ақәҵара ауаажәларра рҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырнагеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аҳәамҭа ҟарҵеит азакәан ахәҭақәак рынагӡара азинхьчаратәи аӡбарҭатәи системақәа адискредитациа рырҭоит, аҳәынҭқаррахьгьы агәрамгара цәырнагоит ҳәа.

Цәыббра 28 рзы Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказ аилак ахантәаҩы Валери Агрба апресс-конференциа мҩаԥигеит, азаҭ азы азакәан аганахьала акритикцәагьы аҭакқәа риҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0