"Апарашиуттә спорт азы Аԥсны аицлабрақәа мҩаԥаагоит аибашьра еилгеижьҭеи. Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иаауа аспортсменцәа реиҳабы ибзианы иаҳзеиҿикаауеит араҟа. Ҳара Аԥсны иҳамаӡам апарашиуттә спорт, аха даара гәахәа дула иҳадаҳкылоит, есышықәса аицлабрақәа мҩаԥысуеит. Урҭ Аиааира амш иазкуп. Ҩымш сынтәа аҳаирбаӷәазаҟны иԥеит, анаҩс Тамшьгьы ҳаԥар ҳҭахуп рҳәан, мап рцәаҳамкӡеит. Аицлабрақәа рыхәҭа хада уа имҩаԥысит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада даҳҭан. Аицлабрақәа бзианы еиҿкаан, 40-ҩык алахәын парашиутла аԥара. Амала сынтәа аспортсменцәа Европеи адунеии рчемпионцәа ҳәа ахьӡ змоу рацәан. Цәыббра 30 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҟны Аԥсны раԥхьатәии аҩбатәии ахадацәа Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи ргәалашәара аҳаҭыр азы аицлабра мҩаԥысыр акәын, аха иалыршахом акоронавирустә ҿкы иахҟьаны. Иахьа аҳаиртә баӷәазаҟны иҵегьы аицлабрақәа мҩаԥысуеит, анаҩс уаҵәы асааҭ 12 рзы уаҟа аҳамҭақәа ранашьара еиҿкаахоит", - лҳәеит Занҭариаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.