Ҩ-абиԥарак рчара зырԥшӡахьоу: амузыкант Нодар Бениа иҭоурых

© Sputnik / Саида ЖибаНодар (Масик) Бениа
Нодар (Масик) Бениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап Гагра араион аӡәы, Нодар (Масик) Бениа дыззымдыруа. Чароума, иубилеиума, хәылԥазума уҳәа рҟны Масик имузыка иамыцкәашахьада. Иахьа, жәларбжьаратәи амузыка амш аҽны Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит иара иҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Масик ԥшьышықәса ихыҵуан раԥхьаӡакәны Бармышь ақыҭан, игәылара Зурик Дбар ичараҿы аестрадатә гәыԥ рықәгылара лабҿаба ианиба. Усҟан абарҵаҿы ишәаҳәоз артистцәа, ахәыҷы ҵаҟантәи дрыҵаԥшуа инапы еиниҟьон. Ашҭаҿы икәашоз асасцәа дрыхәаԥшуа, ихаҿы иааигеит мышкызны ианизҳауа дшартистхо, ауаа иашәақәа ишрыцкәашало, рнапы шизеинырҟьало. Ус иагьыҟалеит, ихәыҷратә гәазыҳәара нагӡахеит.

Геннади Дбар иҵаҩцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

"Дбараа рчара аамышьҭахь, сан лсаанқәа, луедрақәа лыцәганы, адаул сасуан. Аҩни, агәылареи умшала акәытқәа хылаӡом ҳәа исацәҳауан, жәлар разгәаҭарақәа рыла арҭ ашьҭыбжьқәа рԥырхагазаарын", - длафуеит Масик.

Бармышь ақыҭан, Масикраа Колиа ҳәа урыс маҵуҩык дрызнеилон. Иара аккордеон аирҳәозаарын. Иԥсшьара аамҭазы, ҭаҭынк данахоз иаацәырганы ашәакгьы ацирӷызлон. Уи збоз ахәыҷы, арҳәашьа сурҵароуп ҳәа дыхҭаикуазаарын.

"Колиа иусура аамҭа нҵәаны аҩныҟа дандәықәла, иаккордеон сахьҵәыуа салагеит. Усҟан сан илҭараны иҟаз аԥара иҵегь нацҵаны исзылыхәҳаит. Аха сшьамхы иқәкны иасырҳәарц саналага, схы ахыҳәҳәомызт. Нас саб сиҳәаны, ишьҭаҵаны ганк иара дахон, егьи аган сара. Арыд (клавиша) ахьамаз апианино еиԥш иасырҳәо салагеит. Маҷк иансызҳа, аԥсуа кәашара амелодиа арҳәашьа сҵеит схала. Ашәақәа ракәзар, издырқәоз маҷымызт, саби хҩык иашьцәеи жәлар рашәақәа ирызҟазан азы игәныскылон", - раԥхьатәи имузыкатә шьаҿақәа игәалашәоит Масик.

Ахәыҷы хәышықәса анихыҵуаз, иуа-иҭынха дџьаршьо иалагеит рҵаҩык димамкәа ихала амелодиақәа гәынкыланы аинструмент инапаҿы иахьааиуаз. Уи нахыс рҵакыраҿы чарак Масик ида имҩасуамызт. Аарла ихы ахыҳәҳәо акоррдеон арҳәауа, ауаа иркәашон.

Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых

"Ашкол санҭаз, акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы аҭакԥхықәра сара сакәын издыз. Амузыкатә инструментқәа жәпакы рарҳәашьагьы сҵахьан азы, сышхәыҷызгьы Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" саларҵеит. Уаҟа сԥышәа иацхрааны, сдыррақәа еизырҳаны амузыкантцәа нагацәа срыддыртәалеит. Ҩынтәгьы Дагомыс агастрольқәа рахь сыргахьан", - ҳәа игәалашәоит Масик.

Аҷкәын аиҳабыратәи акласс ахь даниас, иҭаацәа Гаграҟа нхара иааит. Усҟан ақалақь аҟны аԥсуа акәашаратәи, ашәаҳәаратәи ансамбльқәеи, аестрадатә гәыԥқәеи реиҿкаара ианаҿыз аамҭан. Масик иԥсҭазаара амузыкада ихаҿы изаагозма, хымԥада акультура аҩнахьы днеит, аԥсуа артистцәа драбадырит. Аамҭак азы акоррдеон аирҳәон ансамбль "Афырҭын" аҟны, аетрадатә гәыԥ "Гагрыԥшь" аҿы адаул дасуан. Ишнеиуа "Гагрыԥшь" анапхгаҩы, ашәаҳәаҩ Ныгәзар Ҷкадуеи, абасгитарист Витали Абӷаџьааи ааԥхьара ахьроуаз ачарақәа рахь музыкантс дырго иалагоит.

Калдахәара ақыҭатә клуб аҿы еиҿкааз аестрадатә гәыԥ "Арашьи", Бзыԥҭа аҳаблатә клуб аҟны иаԥҵаз агәыԥ "N" дрылан. Масик "иуниверсалтәу амузыкант" ҳәа ишьҭан. Иара аабатәи акласс аҿы дыштәаз иаб Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭахь дигоит. Рҵаҩцәас иман Роза Чамагәуаԥҳаи, Оҭар Хәынҵариеи. Арԥыс иҟыбаҩ ҷыда иабзоураны аккордеон, апианино, асинтезатор, аритмтәи, абас гитарақәеи, жәлар рмузыкатә инструментқәа аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца аирҳәон, дасуан адаул.

"Иахьагьы сыла ихгылоуп Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа икабинеҭ саби сареи ҳаныҩнала. "Иуҭахи ара" ҳәа ибжьы хәанчаӡа дансазҵаа, азнык азы сшәеит, аха сыгәҭакы атәы иасҳәеит. Иарбан инструментқәоу иаурҳәо аниҳәа, акабинеҭ иҩнагылаз апианинои, истол иқәгылаз аккордеони рахь дхьасырԥшит", - иҵаратә аамҭа далацәажәоит амузыкант.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба: ашәаҳәара - ауадаҩрақәа зегьы сыриааиратә еиԥш сарӷәӷәеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, раԥхьатәи аԥсуа чарақәа рахь музыкантс ааԥхьара зауоз дреиуоуп Масик. Иахьа иара ихатә музыкатә инструментқәа рыла деиқәшәоуп, ирепертуар аҿы иҟоуп аԥсуеи, аурыси, англыз ашәақәеи аашәы. Иҩуеит авторцәеи, ихатәы жәеинраалақәеи рзы амузыка. Аҭыжьра иазыхиоуп аҩбатәи адиск.

Масик уажәшьҭа изеиқәыԥхьаӡом шаҟа чара рҿы дыхәмархьоу.

"Иахьа сахьцо, аамҭала рани раби рчарақәа рҿгьы ааԥхьара сыман. Ажәакала аҩбатәи абиԥара рынасыԥ шаҳаҭра азызуеит, уи хымԥада сара сзы игәырӷьара дууп", - инаҵишьит амузыкант.

Масик Бениа асцена ду аҿгьы артистк иаҳасабала ихы ааирԥшхьеит, аха иара ажәлар дырзааигәахеит, рыбзиарагьы даԥсахеит ачарақәа рҿы.

"Ауниверсалтә музыкант" убриаҟара ауаа ргьама иҵахьеит, еиҳаби, еиҵби ирҭаху рҳәаанӡа иара анагӡара далагоит. Даара игәы иахәоит ҳмилаҭтә ашәақәеи, акәашарақәеи еиҳа ҳчарақәа рҟны аԥыжәара ахьрымоу.

Жәларбжьаратәи амузыка амш азгәарҭо иалагеит жьҭаара 1, 1975 шықәса раахыс Жәларбжьаратәи амузыкатә Хеилак аԥшьгарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0