45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аколлективқәа рҟны 45 шықәса рыбжьара ахкы назыгӡоз акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гәдоуҭа араион, Бармышь ақыҭан ҳаҭыр ду зқәыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Лудиа Есыф-иԥа Ажьибеи Ефросиниа Расҭа-иԥҳа Папԥҳаи рҭаацәараҿы изызҳауаз быжьҩык ахшара рахьтә, Галина жәашықәса анылхыҵуаз инаркны акәашара далагеит Блабырхәатәи абжьаратә школ аҟны, Харитон Мимаҭ-иԥа Барцыц еиҿкааны имаз ахаԥшьагаратә коллектив аҿы.

Аԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни - Sputnik Аҧсны
Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи

Ахәыҷқәа убриаҟара абаҩхатәра рылан, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Гәдоуҭа араион имҩаԥысуаз еиуеиԥшым аконкурсқәа раан аҳаҭыртә хьӡқәа ирыԥсахон. Аколлектив еиднакылон 20-ҩык ахьыбҿар, аха Харитон Барцыц зегьы дрыликаауан Галина. Лара лыԥшреи, лсахьеи, лыртәашьеи, акәашараан леиҭаҵшьеи рыла аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" данаалоит ҳәа леиҳәалон. Аԥҳәызба ашкол даналга, лырҵаҩы иабжьагарала дҭалоит Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа. Адкыларатә ԥышәарақәа ирылахәыз, ансамбль "Шьараҭын" асахьаркыратә напхгаҩы, усҟантәи аамҭазы Аԥсны зҽаԥсазтәхьаз артист Едуард Бебиа даниба, "сара сҟны бкәашалоит" ҳәа ааԥхьара лиҭазаап.

Гьерзмааԥҳа: асценаҟны кәашарала уцәажәозароуп>>

"Сара сқәыԥшратә шықәсқәа раан ансамбль "Шьараҭын" аҿы икәашоз длакәтә хаҿсахьаны даҳԥхьаӡон. Убри аҟнытә Едуард Бебиа дуӡӡа ааԥхьара ансиҭа ԥхыӡушәа исзааит, ишҵабыргыз анеилыскаа сгәырӷьара ҵҩа амамызт", - илгәалашәоит акәашаҩ.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Кьараз".
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Кьараз".

Галина Ажьиԥҳа "Шьараҭын" аҿы дкәашон хышықәса, аҵаралашаратә ҵараиурҭа далгаанӡа. Ари аколлектив дацны агастрольқәа рахь дцахьан Тунис, Алжир, Марокко, Будапешт.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала игылоу
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала игылоу

"Раԥхьаӡакәны "Шьараҭынаа" срыцны сахьцаз аҳәаанырцәтәи атәылақәа иреиуоуп Венгриа. Москва ацҳаражәҳәарҭаҿы ҳазегьы ҳгәы ҳҽанырҵеит, атәым ҳәынҭқарраҿы аанхара шыҟамло, уи аԥсадгьыл аԥсахра акәхоит ҳәа. Иҳаларҳәеит ҳзықәныҟәаша аԥҟарақәа. Ажәакала, уара ишуҭаху ухы мҩаԥургар ҟаломызт. Амала Будапешт ибзианы ҳрыдыркылеит. Асценахь ҳанцәырҵ ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь еихсыӷьуамызт. Номерк ҩынтә ҳаныкәашозгьы ыҟан ргәаҳәарала. Ақәгыларақәа рышьҭахь ҳанеицәажәоз, ирзеиҭаҳҳәон ҳахьынтәааз Кавказ шакәыз, ҳаԥсадгьыл Аԥсны шахьӡыз", - раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи лконцерт далацәажәоит акәашаҩ.

Акәашацәа - Sputnik Аҧсны
Аҟазареи амилаҭтә доуҳаи, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа бызшәас излацәажәо

Галина Ажьиԥҳа лгәы иаланы илҳәеит, Асовет Еидгыла иатәыз аколлективқәа аԥхьахәқәа ршараан иахәҭамкәа аҭыԥ шрырҭоз.

"Тунис ҳаныҟаз, "Шьараҭын" аԥшӡара аконкурс ҳалахәын. Аӡбаҩцәагьы ишырҳәоз ҳаҳауан, "арҭ актәи аҭыԥ иаԥсоуп" ҳәа. Аха аҵыхәтәаны аҩбатәи ҳарҭеит. Ус изныкымкәа иҟалахьан егьырҭ аҟазаратә конкурсқәа раангьы", - иацылҵоит лара.

Галина Ажьиԥҳа аҭаацәара даналала "Шьараҭын" нлыжьыр акәхеит. Аха иахьа уажәраанӡа лгәаҵа иҟәандоу ацәаныррақәа аҵоуп уи аколлектив аӡбахә анылҳәо. Харитон Барцыц лҟазара ашьаҭа аиркызар, еихазҳаз Едуард Бебиа иоуп. Арҭ аҩыџьагьы лыԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАсоло нарыгӡоит Галина Ажьиԥҳаи Славик Аибеи. Ансамбль "Кьараз".
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Асоло нарыгӡоит Галина Ажьиԥҳаи Славик Аибеи. Ансамбль "Кьараз".

Галина ҩышықәса Акаки Малиа напхгара зиҭоз Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" аҿгьы дкәашахьан. Дрыцны дцахьан Куба. Анаҩс аамҭакы ахкы налыгӡон Уасил Ақаҩба еиҿкааны имаз Пицундатәи акәашаратә ансамбль "Аламыс" аҿы.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Шьараҭын".
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Шьараҭын".

Ишдыру еиԥш, Гагра араион ашәҭыкакаҷра аамҭа ианҭагылаз араҟа аҳра уа иалаз ақырҭцәа ракәын. Аԥсуаа ркультура аӡыргара акәым, рықалақь иақәиҭымызт. 1980-тәи ашықәсқәа рзы, Гагра ақалақьтә комитет апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Енвер Қапба иааԥхьарала, араион аҿы еиҿкаахо иалагеит ашәаҳәаратәи, акәашаратәи ансамбльқәа, аестрадатә гәыԥқәа. Убасҟан иаԥҵахаз аколлектив "Афырҭын" ахкынагӡаҩцәа дыруаӡәкхеит Галина Ажьиԥҳагьы.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала игылоу
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арыӷьарахьала игылоу

"Ансамбль "Афырҭын" акәашаратә гәыԥ асахьаркыратә напхгаҩыс даман Лев Қьецба, ашәаҳәаратә – Баграт Багаҭелиа, оркестр-Оҭар Хәынҵариа. Дара рыбзоурала аколлектив иахәҭакхеит аԥышәа змаз артистцәа. СССР атәылақәа рнаҩс, "Афырҭынаа" ҳаӡбахә рдыруа иҟалеит Америкеи, Европеи", - еиҭалҳәоит акәашаҩ.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАнсамбль "Кьараз"
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Кьараз"

Галина Ажьиԥҳа дазааҭгылеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, Америка агастрольқәа рыманы ианыҟаз, уаҟа инхоз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа ишрыдыркылаз.

"Америка ҳаҟазаара иалагӡаны аконцертқәа жәпакы мҩаԥаагеит. Уахь инеиуаз ҳџьынџьуаа аҭыԥантәи ахәаԥшцәа ирылукаауан рцәаныррақәа рыла. Ахаан зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟнытә ԥсыуак дзымбацыз ҳабла ихыԥшылон. Исгәалашәоит Марина Ажьиԥҳа амҳаџьыраа ргарашәа "Шьышь-нани" анылҳәоз, азал аҿы агәынқьбжьы шгоз. Дара реиҳараҩык рхатәы бызшәа рыздыруамызт, аха гәыла ҳаилибакаауан. Даара ҳаҭыр ҳақәиҵеит Инал Казанба. Уи усҟангьы иӡбахә Аԥсны ирдыруан, иаби иареи ҳақьымцәан. Ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаиԥырҵра атәы уҳәозар, уи шәҟәык иузҭагӡом. Аҽны Ниу-Иорк аҳаиртә баӷәазаҿы иҟаз зегьы ҳагәныркылазар ҟалап. Ҳаибарҵәыуо ҳаидыҵит, мап... ҳаидырхит", - илгәалашәоит Галина Ажьиԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡатәи аамҭақәа данрыхцәажәо, акәашаҩ илҳәоит ансамбльқәа асовет тәылақәеи, аҳәаанырцәи агастрольқәа рахь ишцозгьы, Аԥсны ақалақьқәеи, ақыҭақәеи рҟынгьы ишықәгылоз. Аиҳарак аконцертқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын ақыҭанхацәа. Ԥсыршьагас, гәырхашҭыгас ирзыҟалон артистцәа раара.

Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых

Галина Ажьиԥҳа дышқәыԥшӡаз арԥар рылаԥш лыдхалон. Ансамбльқәа рҿы акәашара даналага изныкымкәа дымҵадырсырцгьы иалагахьан. Аха лара дылразҟхеит Блабырхәатәи ашкол илыцҭаз, уи нахыс лааигәара уаҩ дназмышьҭыз Нури Габлиа.

"Сыԥшәма раԥхьаӡакәны асценаҿы ауп сахьибаз азы, зны заҵәыкгьы иааныжь имҳәеит, уимоу сҟазара ҳаҭыр ақәиҵон", - инаҵылшьит лара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Галина Ажьиԥҳа дахәҭакхеит Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз".

Ҩыџьа аԥҳацәа ран, хҩык амоҭацәа ранду, иахьагьы асцена ду нылмыжьит.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арымарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Кьараз".
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - арымарахьала аҩбатәи. Ансамбль "Кьараз".

Галина Ажьиԥҳа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, еиуеиԥшым аколлективқәа рҿы дкәашон. Лара "Шьараҭын" аҿы ахкы лыцнаигӡон Аркади Чачхалиа. Иара Аԥсны Аџьынџьтәлатә еибашьраан дҭахоит. Пицундатәи "Аламыс" аҿы - Дика Дбар. Гагратәи "Афырҭын" аҿы - Џьон Бениа, "Кьиараз" аҿы - Славик Аиба. Убас акәашаҩ ажәа ԥхақәа рхылҳәаауеит асценеи аԥсҭазаареи рҿы ҩызара лзызуа Ирма Барцыцԥҳа, Марина Касланӡиаԥҳа-Аиба, Инга Ҵышәԥҳа, Римма Бениаԥҳа, Марина Дбарԥҳа, Манана Аргәынԥҳа, Иулиа Џьыкырԥҳа, Индира Малиаԥҳа.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа ансамбль дацны Америкатәи лгастрольқәа раан
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа ансамбль дацны Америкатәи лгастрольқәа раан

"Ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль "Кьараз" абыргцәа рколлектив ҳәа иԥхьаӡан аамҭала. Иахьа угәы иамыхәарц залшом аҿаргьы жәлар ркультура иазҿлымҳаны иахьҳавагыло. Убас Сариа Узун-оглыи, Викториа Барцыцԥҳаи кәашаҩцәа қәыԥшцәаны иааҳавагылеит", - ҳәа азгәалҭоит Галина Ажьиԥҳа.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Скәашом ҳәа ҭоуба шышьҭасҵаз: иахьатәи ҳчарақәа рҟны акәашаратә етикет иазкны

"Кьаразаа" абык еиԥш дырхагылан, ансамбль аԥҵаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа. Иара адунеи иԥсахижьҭеи ишьаҭа мырӡуа иааигоит анапхгаҩ ҿыц Алик Чуаз.

Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" Аԥсни, Урыстәылеи имҩаԥысуа аҟазаратә конкурсқәеи, афестивальқәеи рҿы Гран-при, мамзаргьы актәи аҭыԥ иаԥсамхакәа иҟамлацт. Аҭацаагара иадҳәалоу амузыкатә композициа ихнаххьеит шәҩыла ахәаԥшцәа.

Галина Ажьиԥҳа лажәақәа рыла, акәашарақәагьы аамҭа рныԥшуеит. Есааира иацлоит, мамзаргьы рҽырԥсахуеит аелементқәа.

Аха лара еиҳа лгәы азыбылуеит ажәытә аԥсуа кәашара. Уаҟа арԥыси аԥҳәызбеи еихыбаауа, аӡәи-аӡәи рыбла ахыԥшылара рзымгәаӷьуа, аамысҭашәала икәашоит.

© Foto / предоставлено Галиной АжибаАкәашаҩ Галина Ажьиԥҳа
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа

Акәашара - ижәытәӡатәиу аамҭақәа рҟнытә иаауеит. Еиуеиԥшым ажәларқәа рҿы ицәырҵит аритуалқәа ирыдҳәаланы, еилыххоу аритмтә цәеижьҵысрала.

Ажәабжьқәа зегьы
0