Иаҳҳәо ҳмоур ҟалоит…

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт, посвященный Дню Победы
Концерт, посвященный Дню Победы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш илызнарҵысыз агәалашәарақәеи ахәыцрақәеи ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Иацы Аиааира иамшын. Иныҳәан – ганкахьала. Аҽа ганкахьала – адунеи дуӡӡа иазымкуаз, адгьыли ажәҩани ирыбжьамӡоз хьаан.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Иҟамлааит уаҳа ҳадгьыли ҳажәлари еиҟәыганы

Абарҭ амшқәа рзы шамахамзар исгәалашәо нанҳәа 13 ауп. Уаҵәы еибашьраны иҵыхәтәантәиз аҭынчра амш. Аччабжь, агәырӷьабжь, ан лгарашәа, абзиабара ажәақәа, агәыӷрақәа, амра ашәахәа хаа, нас – уаҵәы изызшараны иҟамыз аԥсуа дгьыл. Исгәалашәоит афотосахьа сгәаҿы иҭысхызшәа. Ақыҭаҟынтә ақалақь ахь ҳаауан. Ақыҭатә автобус уи ашықәс азы оумашәа иҿиаз ашампантә ҵәақәа аџьармыкьахь ҭира иаазгоз анхаҩцәа автобус ашьҭахь аиашьыкьқәа еихаргыланы иҭадыргылеит. Аҽа шеишықәса нысҵыргьы урҭ рыфҩыхаа схашҭраны сыҟам. Сааҭк иназынаԥшуа амҩа ҳахьықәыз заҟа лаф еибырҳәазеи уа иҭаз, заҟа ажәабыжь цәырыргазеи. Заҟа иҭәы-иԥха иҟааз уи амш…

Макьаназ зегь рыԥсқәа ҭан. Макьаназ зегь еиқәгәырӷьон. Аԥацәа змаз анацәа аҭыԥҳацәа рылаԥшқәа нархыргон. Аҭацацәа алрыԥшаауан. Ҭагалангьы харамызт. Аҭаца дызҵыргараны иҟаз аҟамақәа рхьаҩбжьы инахараны игон…

Аха ари ҵыхәтәантәи ҭынчра мшын… Нанҳәа 14. Ишеит. Амреи адгьыли еиԥылеит абжьааԥнеиԥш. Аха ари аҽа мшын. Ԥсахшьа змамыз рыцҳаран.

Дҳақәлеит аӷа. Шәнеибац ахыҩит аԥсуа дгьыл. Ҳәашьа змам ахаҵара, агәаӷьра аадырԥшит ҳажәлар.

Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 ш. - Sputnik Аҧсны
Абри адгьыл аҿы ашьа камшразы

Ҳажәлар рыдагьы Аԥсны аиқәырхараз арахь иаҳзааз зегьы. Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз санрызхәыцуа иџьасшьоит. Сара сгәаанагарала дарбанызаалак аԥсуа иуалԥшьан иԥсадгьыл ахьчара. Аха аҽа тәылак, аҽа дгьылк ахақәҵара афырхаҵарақәа иреиҳау фырхаҵароуп. Иҭынчыз рыԥсқәа.

Шықәсык инацны ицоз аибашьра убриаҟара рыцҳара ацын – ҿыки-бзыки ирзымҳәартә аиԥш. Иҳацәҭахеит иреиӷьӡақәаз. Амилаҭ агәыцәра азызуышаз рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.

Згәы иаанагодаз ҳара иахьа ҷанҷаны ҳаибакны ҳалақәа ҭибахуа ҳҟалоит ҳәа, атәым дгьыл аамҭак ала ҳақәушәа ҳабнарақәа хшьааны иҭиуа, ҳӡиасқәа ахаан зыԥсы ҭоу рҭамло, аӷа иҩнқәа еимакны абџьар шьҭыхны ҳаиҿагыло, аԥара анаабалак ҳабла аш хыланы аӡәи-аӡәи ҳаигәыдло, ҳаибаҭиуа ҳҟалоит ҳәа. Згәы иаанагодаз аԥсуа иаб иџьынџь аҳәира ахыҵәаны иҟалар гәхьаас икрымызт ҳәа. Згәы иаанагодаз макьанагьы ҭыԥ-ҭыԥла ашьа злыжжуа ҳадгьыл ԥшьа атәымуаа идҳараахәарц аимак ҳауп ҳәа. Згәы иаанагодаз ҳада аԥшәыма дызмам ҳадгьыл ссир аԥсшәа ақәыҩра иаҟәыҵырц акгьы агымкәа иҟалап ҳәа. Згәы иаанагодаз… Мап, мап, заҟа еиқәуԥхьаӡарызеи?

Сара агәра згоит нарцәы ак шыҟоу. Хымԥада уа иаҳԥылоит  иҭахаз. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз. Ираҳҳәараны иҟоузеи урҭ? Ҳаԥсеиԥш иаабоз, знык ҳшьапы наларгыланы ҳаԥсыр иԥсрам ҳәа иаҳшьоз ҳаҳҭнықалақь Аҟәа шәтәымуааушәа агәам иарганы шәзахузеи ҳәа ҳарҳәар ираҳҳәои? Ҳқыҭақәа рцыха ӡыхьқәа зеимашәԥсеи ҳәа рҳәар иаҳҳәои? Шәаԥсуара, шәыламыс, шәыпату аимааҵыршьы аиԥш изышәыԥсахзеи, урҭ рзы акәымзи ҳара ҳхы ҳзамегӡоз, урҭ рами иаҳахьчоз ҳәа иааҳҿагылар – иаҳҳәозеи?

Вид на Сухум. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Лассы-лассы ԥхыӡла избо иацтәи с - Аҟәа

Ҳара иахьа зыхшара ззымааӡаз ҳакәхеит… Ҳҭыԥҳацәа рыхцәҵырффақәа реиԥшҵәҟьа икьаҿхеит рыламыс, иабиԥара ирӡуам ҳәа ззырҳәо нацәала иуԥхьаӡо имаҷхеит. Ажәа ҭлапҟақәа рҳәаразы иҳауҭозеи, амала. Аха, арахь, иҟаӡам иацтәи аԥсуаа. Иҟаӡам нанҳәа 13 рзы ақыҭатә машьына исыцҭаз, еиҳабык дынҭалар ахьышәҭҳәа ихаҵгылоз аҿар, аԥҳәыс лҿаԥхьа ибыргәым ажәа аҳәара иацәыԥхашьоз ахацәа… Иахьа аҽаӡәуп ари адгьыл иқәу.

Заҟа ирыцҳароузеи? Аха… Аха баша ирҳәарымызт ҳбыргцәа ҟәыӷақәа "аӡы ахьышьҭрахь игьыжьуеит" ҳәа. Издыруада? Издыруада ацгәы ашьха аҩн хыб инықәсны агатәи аҩны ахыб аҟынӡа адгьыл ашьапы ықәмыргылакәа имҩасуа иҟалар, ажәытә зны ага, амшын аҟәараҿы хынҩажәи жәибыжьҩык аҭырџьманцәа рыда ԥсыхәа шыҟамыз аиԥш ҳаԥсшәа ҿиар, аԥа дызлиаауа ахәоҩҳәа ианхысуа, уи анаркотикатә маҭәашьар дагарыма ҳәа ашәара рмоуа иҟалар, амҩадуқәа рырԥшӡаразы еиҭарҳаз ашәҭқәа аҵх иалакны иҵхны ирымгалар, лашарак ҳзыԥшхар, аӡышьҭреиԥш шьҭахьҟа ҳгьежьыр...

Имыӡааит аԥсы цқьақәа зыхҭынҵоу ҳадгьыл!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0