"Гагра модерн астиль еиҳа ианаалоит": архитектор Лобода лусура азы

© Sputnik / Саида ЖибаДиана Лобода
Диана Лобода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса, жьҭаарамза раԥхьатәи ашәахьаҽны иазгәарҭоит адунеизегьтәи архитектура амш. Абри арыцхә инамаданы, Гагра араион архитектор хадас аус зуа Диана Лобода ҳлазҵааит ари азанааҭ алхра лгәазырԥхази, насгьы Гагра ианаало астиль азы лгәаанагара еилаҳкааит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Диана Лобода дышқәыԥшугьы, архитектура ахырхарҭала аԥышәа лымоуп. Лара 11 шықәса ҵуеит еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәгауа архитектуратә ҟәшаҿы аус луеижьҭеи, шықәсыбжак аԥхьа лпаны ианҵан еиҳау аҭакԥхықәра, Диана Гагра араион архитектор хадас дшьақәырӷәӷәоуп.

© Sputnik / Саида ЖибаГагра араион архитектор хадас аус зуа Диана Лобода
Гагра модерн астиль еиҳа ианаалоит: архитектор Лобода лусура азы - Sputnik Аҧсны
Гагра араион архитектор хадас аус зуа Диана Лобода

Ашкол аамҭақәа раан, аԥҳәызба амаҭәарқәа зегьы лықәҿион, аха аиҳабыратәи аклассқәа рахь даннеи лҭаацәа рабжьгара дазыӡырҩны илыӡбоит архитектор изанааҭ алылхырц. Убри аҟнытә, жә-класск далганы дҭалоит Л. Иванова лыхьӡ зху Шәачатәи амодақәа рыҩны иатәу аколлеџь, адизаинер изанааҭ ала. Араҟа аҵара лҵон иҭшәоу апрофиль ала. Архитектура аҭоурых, аҿыханҵатә ҟазара, адизаин уҳәа амаҭәарқәа ирхысуан, идырҭбаауан рхәыцшьа. Убарҭ аамҭақәа раан Диана лхы алалырхәуан Урыстәыла адизаини, архитектуреи рганахьала аҿар рыбжьара имҩаԥысуаз аконкурсқәа, изныкымкәагьы аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанылкылахьан. Лҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны апрактикагьы дахысуан. Аԥҳәызба аԥышәа лымалдон усҟан Гагра араион архитектор хадас иҟаз Ҭамара Лакрԥҳа. Диана уи иахьагьы длызгәдууп.

Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
Давид Канделаки: Гагра араион аҿы иҟан аҵлақәагьы, абаҟақәа ҳәа ирԥхьаӡоз

Аколлеџь ашьҭахь, Диана Лобода далгоит Шәачатәи аинститут архитектуратә дизаин азанааҭ лыманы.

Диана лнапы иҵыҵхьоу архитектуратә проектқәа рацәаӡоуп, аха иахьазы зынагӡара иаҿу жәаба роуп.

"Сара раԥхьаӡакәны аусура саналагоз игәасҭеит ҳауаажәлар архитектор изанааҭ инагӡаны ишрыдрымкылоз. Аҩны, асасааирҭа уҳәа зыргылоз аԥшәмацәа рхатәы хәыцшьала, мамзаргьы агәыла иҿы инеины иибо мацарала акәын еиҳараӡак ахыбрақәа шдыргылоз. Убри даара сгәы канажьит, сзанааҭ аҿы сзышьақәымгылар ҳәа сшәон. Аха аамҭа цеит, ауаа рдунеихәаԥшышьагьы аҽеиҭанакит, аестетикатә гьама роуит. Схатә проектқәа рахьтә иахьа жәаба рынагӡара иаҿуп, урҭ еиҳараӡак ахатәы сасааирҭақәа роуп", - еиҭалҳәоит Диана.

Ақалақьтә архитектура далацәажәо, Диана Лобода иазгәалҭоит аибашьра ашьҭахь иргылоу ахыбрақәа жәпакы астиль шрымам, ишгьамадоу. Аӡәырҩы аамҭа уадаҩ рхы иархәаны иахьаақәшәоз зҿыԥшылара наалам ахыбрақәа ҟарҵеит. Азеижәтәи ашәышықәсазы акурорт ашьаҭа анадаркуаз атәы уҳәозар, усҟан аобиектқәа астиль моденр иақәшәон.

"Апринц Ольденбургтәи Гагра ақалақь акурорт аҳасабала ианааиртуаз, араҟа иргылоз ахыбрақәа рзы, хшыҩла дазнеины, аҭыԥантәи аԥсабара ианаалоз модерн, ҽакала иуҳәозар ар нуво астиль алихит. Анаҩс ицәырҵуа иалагеит неоготика, убас мавританиатәи астильқәа. Абарҭ ахыбрақәа роуп иахьагьы ҳақалақь ажәытә хаҿра змырӡуа", - ҳәа наҵылшьит лара.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

Гагра араион Ахадара архитектуратә ҟәша, апроектқәа рынагӡашьа хылаԥшра аҭара ауп аиҳарак ҭакԥхықәрас иаду. Ауааԥсыра аҩны ҳаргылоит ҳәаны асасааирҭахь ианиасуа аҿырԥштәқәа рацәоуп.

Диана лажәақәа рыла, лколлективи лареи иазыхиоуп ирыдҵаало зегьы ацхыраара рыҭара, апроект аиқәыршәара, аескиз аҭыхра, ирыҵарҳәарц рылшоит изықәныҟәаша аԥҟарақәа, ирыцеиҩыршарц аидеиақәа.

"Аиаша ҳҳәозар, ҳара иҳадҵаало аиҳарак анаплакыҩцәа роуп. Ахатәы ҩнқәа рзы имаҷӡаны иааиуеит. Насгьы иҟалахьеит апроект ала аргылара аԥшьызго, финансла деиԥҟьаны иркьаҿны иара итәала аргылара анхиркәшо. Усҟан ауаҩы гәыбӷанс иуҭои", - иацылҵоит лара.

Диана Лобода агәаҳәара дуӡӡа лымоуп, ажәытә аамҭақәа раан еиԥш Гагра ақалақьтә ргыларақәа иреиӷьу архитектуратә стильқәа ирықәшәо иҟалап ҳәа. Аха убри азы иахьа инаркны зышьаҭа ркуа аобиектқәа рыла иалагатәуп.

"Џьоукы шьцылараны ирымоуп ажәытә архитектура иаҿыԥшны ахыбрақәа еиҭаҳәаны рыргылара, аха сара сгәаанагарала, уи иахьатәи ҳаԥсҭазаарахь ишыҟаҵәҟьаз иаҳзиагаӡом, иаҳзаларҵәаӡом, убри инамаданы еиӷьзар ҟалап астиль ҿыцқәа рызхьаԥшра, хымԥада ақалақь ианаало", - ҳәа лгәаанагара лҳәоит архитектор.

Адунеизегьтәи архитектура амш аҽны, Диана Лобода лколлегацәа дрыдныҳәало ирзеиӷьалшьеит аҭоурых иазынхо апроектқәа аԥырҵартә еиԥш алшара роурц, ауаажәлар ракәзар, ҩнаҭацыԥхьаӡа аԥхарреи аиҿкаареи рымазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0