Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 11 615 коронавирус хҭыс аарԥшуп

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на наличие антител к COVID-19
Тестирование на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа иахьазы Урыстәыла 85 регион рҿы ачымазара ҿкы рыдбалоуп 1 185 231-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 83 регион рҿы 11 615 коронавирус хҭыс ҿыц аарԥшуп ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҽацәыхьчаразы Москва ақалақь аоперштаб.

Урҭ рҟынтәи 28,3% ачымазара аклиникатә ҟазшьа рыдбаламызт.

188-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 6 252-ҩык ргәы бзиахеит. Зынӡа иԥсхьоу рхыԥхьаӡара 21 663-ҩык рҟынӡа инаӡоит, згәы бзиахахьоу – 988 576-ҩык.

Иахьазы Аԥсны авирус рыдбалоуп 1765-ҩык. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 640-ҩык, 15 ԥсыҭбара ыҟоуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0