Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр аҿы еицит ҩ-леопардк

© Foto / npsochiВ Центре восстановления леопарда на Кавказе вновь пополнение
В Центре восстановления леопарда на Кавказе вновь пополнение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара Ацентр аҿы адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны абнаԥсабараҿ иркыз, идухахьаз ацгәаԥси ацгәабеи рҟынтәи ахылҵ еицит.

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Кавказ абнацгәыжәла аиҭашьақәыргылара Ацентр аҿы аамҭакала еициит ҩ-бнацгәык ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи амилаҭтә парк асаит.

Ацыгәхәыҷқәа ран — Чери Ирантәуп, раб – Алоус Туркмениатәуп. Дара абнаԥсабараҿ иркыз, идухахьаз ацгәаԥси ацгәабеи – ԥшьынтәуп уажәы ахылҵ роуеижьҭеи. Аԥхьа ииз Ахун аԥсабарахь иоушьҭуп.

Ацентр аҟазауаа ишырҳәо ала ацыгәхәыҷқәа рҭагылазаашьа бзиоуп, аԥсабаратә ҟазшьақәа рыдубалоит.

Раԥхьатәи азиа-ааигәатәи алеопардқәа аԥсабарахь рхы иақәиҭны иоурышьҭит 2016 шықәса рзы, Кавказтәи аҳәынҭқарратә ԥсабаратә ҳәырԥсарраҿ абнацыгәқәа рыҟазаара арҿиаразы Шәачатәи аԥсабаратә ҳәырԥсарра аҟынтәи. Ауснагӡатә мҩаԥган Владимир Путин иаԥшьгамҭатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2009 шықәса рзы.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Алеопардқәа Кәыдри Лабеи: Кавказтәи аҳәырԥсарраҿы аҿыцынхацәа ҟалоит

2019 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥснытәи ашәарыцаҩцәа ашьацҳәа иакыз ашәарах рыжәларц ианаҿыз иршьит. Ари 2016 шықәсазы аԥсабарахь иоушьҭыз абнацгәы Килли акәын.

Азиа-ааигәатәи абнацгәы Кавказ аиҭашьақәыргылараз апрограмма мҩаԥысуеит Шәачатәи амилаҭтә парк, Кавказтәи аҳәырԥсарра, Адунеизегьтәи аԥсабаратә фонд (WWF), Москватәи азоопарк, АНО "Центр природы Кавказа", аԥсабара ахьчаразы Жәларбжьаратәи аидгыла, азоопаркқәеи аквариумқәеи рзы Европатәи ассоциациа алархәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0