Ҭаџьикисҭан ахада иалхраан даиааит уажәтәи ахада

© Sputnik / Амир Исаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы президента в Таджикистане
Выборы президента в Таджикистане - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Емомали Рахмон атәыла ахадас дыҟоуп 1992 шықәса раахыс. Иара изы уажәтәи алхрақәа ахәбатәи алхрақәа роуп.

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Ҭаџьикисҭан уажәтәи ахада Емомали Рахмон амҽыша имҩаԥысуаз алхрақәа рҟны 90,92% иманы аԥыжәара игеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атәыла АКХ ахантәаҩы Бахтиер Худоерзоды иҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

"Емомали Рахмон 90,92% алхыҩцәа рыбжьы иоуит", - иҳәеит иара алхрақәа рахь анеира 85,39% шартәаз азгәаҭо.

Атәыла ахадаразы еиндаҭлон хәҩык акандидатцәа. Дара зегьы аполитикатә мчрақәа ирхадацәоуп: Рахмон (Жәлар-рдемократиатә партиа), адепутат Миродж Абдуллоев (Акоммунисттә партиа), адепутат Рустам Латифзода (Аграртә партиа), адепутат Рустам Рахматзода (Аекономикатә реформақәа рпартиа), адепутат Абдухалим Гаффорзода (Асоциалисттә партиа).

Емомали Рахмон атәыла ахадас дыҟоуп 1992 шықәса раахыс. Иара изы уажәтәи алхрақәа хәынтәтәиуп. Алхрақәа рымҩаԥысшьа иашьклаԥшуан ИАР, ШОС, ОДКБ, ОБСЕ, Аҳәынҭдума, Афедхеилак рхаҭарнакцәа. Аилагарақәа џьаргьы иарбамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0