Аҟәатәи амедколлеџь астудентцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы волонтиорцәас аус рулоит

© Фото : Рада АжибаГудаутская больница
Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 12 рзтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоуп 173-ҩык, урҭ рахьтә 158-ҩык апациентцәа акоронавирус рымоуп.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа волонтиорцәак рыҳасабала Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аус рулоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҵараиурҭа адиректор Нато Ҭарԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, жьҭаара 5 раахыс агоспиталь ахь цхырааразы инеихьеит 39 студент.

"Аҩбатәи, ахԥатәи, аԥшьбатәи акурсқәа рыстудентцәа роуп уахь ицо. Есҽны аколлеџь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлоит ааҩык злоу агәыԥ. Абригада уахыки-ҽнаки иҷаԥшьоит. Нас урҭ даҽа гәыԥк ирыԥсахуеит", - ҳәа лҳәоит адиректор.

Лара иазгәалҭеит аҷаԥшьара ашьҭахь астудентцәа ҩымчыбжьтәи ахыԥхьакрахь ишырышьҭуа.

"Агоспиталь ахь дара хатәгәаԥхарала ицоит. Ҳара аӡәгьы идҳамҵеит. Рҭаацәагьы рыцәшәоит, ҳәарада, аха урҭ агәра ддыргеит ус ишаҭаху азы", - ҳәа лҳәеит лара.

Министр по ЧС Абхазии Лев Квициния провел рабочее совещание с сотрудниками медицинского управления ведомства - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА амедицинатә усзуҩцәа Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иҷаԥшьалоит

Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара днеит амедколлеџь астудентка Саида Гәлиаԥҳа. Лара иазгәалҭеит ари лара лзы ишԥышәа духо, лҭаацәагьы дшахьыдмырхәыз.

"Ҳәарада, исыцәшәоит, аха иахьынӡалшо ҳхы ҳахьчап. Аҳақьымцәа ҳрыцхраауеит. Дасу инапынҵақәа имоуп. Ачымазцәаҵәҟьа сырныруам, аха "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿгьы аус зур сҭахуп. Даара иуадаҩуп, аха аинтересгьы аҵоуп ҳус",  лҳәеит лара.

Жьҭаара 12 рзтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоуп 173-ҩык, урҭ рахьтә 158-ҩык апациентцәа акоронавирус рымоуп. 28-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп, 34-ҩык – бжьаратәуп.

Иахьазы Аԥсны авирус рымоуп – 2343-ҩык, 854-ҩык ргәы бзиахеит, 23-ҩык ԥсхьеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0