Аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит: зыԥшәма дзыԥхаз лразҟы азхәыцра

CC0 / / Девушка у моря
Девушка у моря - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы аԥҳәысеиба лразҟы уаанӡа ишазхәыцуази иахьа ишазнеиуеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит: зыԥшәма дзыԥхаз лразҟы азхәыцра

Жәлар рырҿиамҭа хьыршәыгәқәа ҟаимаҭла ирныԥшуеит аԥсуаа ҳабзазара, ҳкультура, ҳанхашьа, ҳанҵышьа, ҳдунеихәаԥшышьа. Аҵарауаҩ, афльклорҭҵааҩ Сергеи Зыхәба ианҵамҭақәа рҿы иҩуан, ақьаад ахь ирзиамгаз, изхьымӡаз афольклортә нҵамҭақәа шыҟоугьы, еиқәхаз ҟаимаҭла ишаадырԥшуа "аԥсуаа аҭоурыхтә мҩа ду ишанысыз". Аҵарауаҩ иазгәеиҭон аԥсуаа "адунеи иқәынхо ажәлар дуқәа рҿы иацәыԥхамшьакәа, уимоу изларылагылаша адоуҳатә культуратә баҟа ссирқәа аԥырҵеит" ҳәа.

Аџьықәреи арашәара - Sputnik Аҧсны
Ахамаԥагьара агәаҽанызаара анацым…

Аԥсуа жәлар рҿаԥыҵтә рҿиамҭақәа ашәҟәы анҵара ианалагаз 19-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркноуп, насгьы иахьа уажәраанӡагьы уи апроцесс аанымкылац. Жәлар рырҿиамҭақәа иаадырԥшуеит ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳазлареиԥшым, ҵасқәас иҳамаз уҳәа, ҳхаҭара шьақәзыргыло хьыршәыгәқәаны ҳдоуҳатә культура иаласоуп ҳфольклор.

Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рҿы имаҷым аԥҳәыс лаҳаҭыр иазку анҵамҭақәа, урҭ иаадырԥшуеит ауаажәларра рсоциум аҿы уи лроль хаданы ишыҟаз, насгьы, лыхьӡи лыхьымӡӷи рыхьчара ахаҵа ишиуалыз. "Ала бзиа аԥҳәыс илеишуам", - рҳәоит аԥсуаа, уи ала лара лаҳаҭыр шдуу, ишабалакгьы улызныҟәар шамуа аарԥшуа. Даҽаџьара иаҳԥылоит "Ан ахьы дазыԥсахуам" ҳәа ажәаԥҟа, "Аԥҳәыс бзиа дызмоу, мҩаныфа иҭахӡам" - ҳаԥхьоит даҽаџьара. Абас ҳҿынаҳхар, имаҷым аԥҳәыс лаҳаҭыр иазку аҳәамҭақәа.

Иахьа сыззааҭгыларц исҭаху, аԥҳәысеиба илыдҳәалоу ахәыцрақәа роуп. Санхәыҷыз абыргцәа исзеиҭарҳәахьаз ахы ахьцо ала, аԥҳәыс деибаны данынхалакгьы, маҷк аамҭа анцалак, уи лразҟы амҩақәҵара иалагон. Еиҳаракгьы, аԥҳәысеиба ахшара ааӡатәыс илымазар, лхәыҷқәа абыс ироуша иазхәыцуан. Избан, сазҵаауан сара. Избанзар "аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит" рҳәон аиҳабацәа.

Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны

Ииашаҵәҟьаны, аԥҳәыс деибаны данынхалакгьы, икылкааны илышьклаԥшуан, иҟан уи лымариа иашьҭалоз ахацәагьы. Абас иҟамларц азы, лара хаҵа дрышьҭуан.

Ҳара ҳқыҭа аҩадахьы инхон ҭаацәарак, урҭ хәҩеишьцәа ыҟан. Акыр саныҩеидас ауп ианеилыскааз, аишьцәа реиҳабы, аныки абыки ирхылҵыз шиакәмыз. Уи дышхәыҷӡаз иаб дыԥсит, нас иан ҳара ҳқыҭаҿы инхоз ԥҳәыс даазымгацыз ахаҵа дирҭеит. Араҟа лара илыхшеит даҽа ԥшьҩыԥацәа. Аишьцәа реиҳабы дырнықәуан, еилых рымамызт. Ҳаиҳабацәа ишырҳәоз ала, ажәытәан, аԥҳәысеиба аҷқәын дирҭар ауан, уи иахьеиԥш иҵәылырхуамызт.

Хымԥада, иуԥылон аԥҳәысеиба лхәыҷы иаб иҩны дааныжьны, лара аҩынра ҳәа даҽазнык данцозгьы, аха еиҳаракгьы, ан лыхшара лара ишлыцыз хаҵа дрышьҭуан.

Зынӡа ажәытәӡа, аиашьа дыԥсыр, уи иԥҳәыс иашьа дирҭон, илымаз ахшара иҩны иааӡарц, раб игәара иацәымӡырц азы. Абри аверсиа еиҳа ижәытәӡатәиуп, избанзар иаҳхысыз ашәышықәсазы ус еиԥш ахҭысқәа уԥыломызт, иуԥыларгьы, ихьымӡӷны иршьо иалагахьан. Ари иахьа ҟалашьа змам акәны иаҳбозар, ажәытәан аԥҳәысеиба лразҟы мҩақәырҵон, илымаз ахшара абыда инымхарц азы, рыжәлантәқәа рааигәара инхарц азы. Абри аҳәамҭазы санду исалҳәахьан, ус зыҟарҵоз "ахәыҷқәа рымазар, раб иҩны иааӡарц, атәымџьара икыдымԥшыларц азоуп" ҳәа.

Силует девушки - Sputnik Аҧсны
"Илбаз иакәӡам дыззааргаз..."

Анаҩстәи аамҭақәа рзы, аԥҳәысеиба "арбаӷьгьы шлеиҽырбоз" рхашҭуамызт, убри аҟынтә, шамаха уи деибаны дынрыжьуамызт. Ус акәзаргьы, абзҳәацәа аԥҳәысеиба еснагь рылаԥш лхын, убас иҟоуп иахьагьы. Гәнаҳарыла ахҳәаа анлоуагьы ыҟоуп, избанзар "аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит".

Ажәытә аамҭақәа рзы, аԥҳәысеиба аҭаацәара иаламлацыз дирҭозҭгьы, анаҩсан, лара аразҟы лоур, дҵәылырхуа иалагеит. Ҳазҭагылоу аамҭақәа ртәы ҳҳәозар, еилыҵыз, ма еибахаз аҩнра ҳәа данцо, иахылҵуа ацәажәарақәа рацәоуп, дызго иҭынхацәагьы уи ианаҿагыло ыҟоуп. Атрадициақәа рҽырыԥсахуеит, аха, ус акәзаргьы, "аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит" захьӡу аилкаара ԥсахрак амоуӡакәа иахьагьы иаанхоит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еибаны инхаз аҳәса маҷҩымызт, урҭ рахьынтә иҟоуп анаҩсан зразҟы еиқәзыршәаз, аха ҳара ҳауаажәларратә философиаҿы арҭ ахҭысқәа еиҳа негативла ишрыдыркыло убаратәы иҟоуп. Ахаҵа аԥҳәысеиба хатә ҩызас дигар лыхшареи лареи рныҟәгара илшозар, иамоузеи уи? Иабанӡаиашоу ауаҩы ихатә ԥсҭазаара аҵәылхра? Акырынтә исаҳахьеит абарҭ иреиуоу аҭагылазаашьақәа анцәырҵлакгьы, ауацәа аразҟы шеиԥдырҟьо, нас аԥҳәсеиба дзыдмыргаз иразҟы аныманшәаламхо.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Сара иахьсызҳауаз ақыҭаҿы, ҳанхарҭа иацәыхарамкәа анышәынҭрақәа ыҟан. Усҟан ирлас-ырласны иныҟәоз автобус зны-зынла даанагон ашәы зхьыссы иҟаз аԥҳәысеиба. Лыла аҭаԥшырҭа умоуа ашәы даганы дшыҟазгьы, иубон дшыԥшӡаз, автобус аанӡа ҳәа лыҩныҟа дцарцаз дахьгылоз аангыларҭаҿы илыхәаԥшырц инеиуазгьы ыҟан, убас деиҿкаан, ашәы илшәыз лыԥшӡара азхымҩо.

Лара ҩыџьа ахшара дранын, қәрала 25 шықәса дреиҳамызт усҟан. Еснагь ахьаа зхыз лыблақәа уажәгьы исгәалашәоит. Аамҭа анца, абри аԥҳәыс ԥшӡа лшәы анылшәылх ашьҭахь, дышԥҳәысеибазгьы, ашьҭазааҩцәа лоуит. Илышьҭалеит аԥҳәыс дзымгацыз аҷқәынцәагьы. Руаӡәы лгәы дақәшәон, аха лара лани, нас лабхәындцәеи илцәыԥсыз лхаҵа қәыԥш ишьҭахь ахаҵацара ԥхашьароуп ҳәа ианылҿадырхьы, мап лкит. Уаҳа разҟы лмоукәа ус дымҩаст. Иахьагьы данысԥыло ихьаазгоит уи лразҟыдара, лԥацәеи лмаҭацәеи ыҟазаргьы, аԥҳәысеибара иархәашьит лыԥҳәыстә разҟы ҳәа исыԥхьаӡоит.

Ҳара зны-зынла иҵоурам ашьцыларақәа шьҭыхны изкуа, иааџьоушьаратәы, аԥҳәысеиба аразҟы анлоуа ҳазыразым, ҳахыбаауеит, уи лынасыԥ ҳдунеи ашьҭыҵра иаԥырхагахарызшәа. Сара шәсазҵаауазар, аразҟы лоур, иҵегьы ахшара лыхшар еиӷьуп, лгәы ҭаҷаҷаны, ахҳәаақәа налхьысуа дынхар аасҭа…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0