Урыстәылатәи аруаа арзҩыдаратә усурақәа ирҿуп Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукПодразделение химзащиты Минобороны России приступило к антиковидной обработке объектов в Абхазии
Подразделение химзащиты Минобороны России приступило к антиковидной обработке объектов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иаҿуп, урҭ ирылагеит Аҟәатәи аџьармыкьа ала.

Атехника ҷыда аџьармыкьа хадеи иара иаԥну аҭыԥқәеи ахимиатә еилазаарала аус рыдырулоит. Абри ашьҭахь аԥхарратә машьынала аџьармыкьа аерозольтә рзҩыдагала ихнаҟьоит.

"Ари аиԥш арзҩыдара акыр хра аманы иҟоуп. Атехника Урыстәыла иахьаҵанакуа ахархәара арҭоит. Иара убасгьы ахархәара аман Италиа.  Атехника азырхоуп акоронавирус аиԥш егьырҭ ачымазарақәагьы рырзҩыдараан рхы иадырхәоит", - иҳәеит Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа еидҵоу аҟәша аотриад аиҳабы Сергеи Хонин.

Аҟазауаҩ иазгәеиҭеит знык ала атехника ишыннахуа 400-500 кьыла арзҩыдагатә маҭәашьар.

"Ауаа рзы ҳхы иаҳархәо амаҭәашьартә еилазаара цәшәара амаӡам", - азгәеиҭеит Хонин.

Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.

Жьҭаара 21 рзы арзҩыдара мҩаԥгахоит аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа, арранаԥхьаратә пункт, архив, ар рыштаб –50 000 метр ԥшьыркца еиуеиԥшым ахыбрақәа. Уи адагьы арзҩыдара иахрыжьуеит амҩадуқәа.

11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.

Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0