00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:34
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Хәытаба: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аҟәа иазгәаҭахоит
18:16
1 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Апоет, апублицист Рауль Лашәриа диижьҭеи 80 шықәса ҵит
18:20
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак Жәыргьыҭ ацәгьоуҩы шасыс ауаа ахьигаз азы ахҳәаа ҟанаҵеит

© Sputnik / STRINGER Спецоперация по освобождению заложников в Зугдиди
Спецоперация по освобождению заложников в Зугдиди - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Идырым ахаҿы Жәыргьыҭ агәаны абанк аҿы ауаа шасыс игеит жьҭаара 21 рзы. АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак иаздырӡом Жәыргьыҭ шасыс ауаа згаз ацәгьоуҩы Аԥсныҟа амҩа дықәу дықәму иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Sputnik аинтервиу аҭо.

Иҟоу дыррақәак рыла, ацәгьоуҩы Аԥсны аганахь ихы ирхеит.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иара убас иазгәеиҭеит ацәгьа зуз Аԥсны аҳәаа дышзахымсуа.

Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла.

Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.

Уажәазы абанк аҩнуҵҟа иитҟәаз 43-ҩык ашасцәа рхы иақәиҭтәуп, аполициа дара ишәарҭам аҭыԥ ахь инаргеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Ауаа зӷьычыз ауаҩы дахьыҟоу макьана еилкаам, уи шасыс иигаз ауаагьы ирызку аинформациа ыҟам. 

Ажәабжьқәа зегьы
0