Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиба ацитрустә шәырқәа рзы: иҿала иҿамла есышықәса ихәшәтәлатәуп, аҩара рзымариоуп

© Foto / предоставил Аркадий ЖибаАркадий Жиба
Аркадий Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Асычқәа ақыҭан иҟоу ацитрустә ааӡарҭа қьырала измоу Аркади Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа ишахәҭоу рааӡаразы ихымԥадатәны иҟоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жьиба ацитрустә шәырқәа рзы

"Ара еиҭаҳау ацитрустә шәырқәа асовет аамҭазы иаԥҵаз абаҳчақәа роуп. Аибашьра ашьҭахь дара рышьақәыргылара уадаҩын аҟнытә ажәлар ишаны ирырҭеит қьырала. Жәашықәсаҟа ҵуеит ҳхала нап адкыла иныҟәаҳгоижьҭеи. Аколнхара аҟынтә ииасыз 300 шьапы рҟынӡа сымоуп, иара ус схатәгьы 200 шьапы рҟынӡа ыҟоуп. Ацитрус анапы адукылар, ианахәҭоу ахәшә ауҭар, уацхраар, аҽаҩра уоуеит, аха иара акалашәа иҟоуп, шықәсык аҽаҩра бзиоуп, шықәсык ибжьанажьуеит. Аха иҿамла иҿала есышықәса ихәшәтәлатәуп, мамзар, иҩоит, уи рзымариоуп, избанзар, ақәра ду рымоуп шьҭа. Аиҭаҳатә аԥшаара уадаҩуп, иара ахәгьы маҷӡам, шықәсык зхыҵуа ашьаҭа 250 -500 мааҭ рҟынӡа инеиуеит", - еиҭеиҳәеит Жьиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0