Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: атәымуаа рыжьхкқәа ҳамоуп, аха ҳхатә ауп иҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡахәааӡара знапы алаку Нугзар Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аԥсуа ажәытә ажьхкқәа реизгара аҭахны ишыиԥхьаӡо.
Ашәба: атәымуаа рыжьхкқәа ҳамоуп, аха ҳхатә ауп иҟам

"Аҩыҟаҵара, аӡахәааӡара акәӡам сара исҵаз, аха атәанчарахьы санца ишьҭысхыз ауп. Ари аус ауаҩы дҭышәынтәалан дҟанаҵоит, имарымажаха аҩы анумоу, ауаа ианрыуҭо, угәы ҟанаҵоит. Ҳара ажәытәан иҳаман ажьхкы бзиа. Иара аҳарданыжь ҳәа иашьҭоуп. Изабелла ҳәа еицырдыруа иазааигәоуп. Убри изабелла абра ианықәнагала инаркны ҳара ҳаԥсуа жьқәа жәытә-натә аахыс ара иҳамаз, егьырахь адунеи аҿы иҟамыз, ҳарӡит. Шьаҿақәак ҟаҵоуп урҭ реиҭашьақәыргылараҿы, аха макьана иҭарҭбааны уалаҽхәартә еиԥш акгьы ҳзыҟамҵац. Ақыҭанхамҩа институт аҿы уи аганхьалагьы еиҿкааны акгьы рымам. Иара ҳкаҷыҷгьы абжьаӡра иаҿуп, шьаҭак џьара иузаахом. Абас хәыҷы-хәыҷла аизгара аиҭаҳара аԥсуаа ҳажьхкқәа. Аԥсны доусы шьаҭак -шьаҭак еиҭарҳар, ҳаԥсуа жьқәа иҟалап аамҭақәак рышьҭахь ԥыҭк шьақәҳаргылар ", – еиҭеиҳәеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0