Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах иалагалахар шауазы

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзербайджан. Обострение конфликта в Нагорном Карабахе
Азербайджан. Обострение конфликта в Нагорном Карабахе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 29 рзы Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара анауа аганқәа рыҩбагьы – Ермантәылагьы Азербаиџьангьы ринтересқәа рбаланс аныԥшаахо шакәу.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Кремль иазгәарҭеит аҭынчреиҿкааҩцәа Ҟарабах ралагалара шауа аганқәа рыҩбагьы рыцеиқәшаҳаҭрала ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.

 Армянский солдат несет свой автомат в передней линии, как войска занимают должности на 18 октября 2020 года, в ходе продолжающихся боевых действий между Арменией и Азербайджаном по поводу спорного региона - Sputnik Аҧсны
Ермантәыла, Азербаиџьан, Америка Ҟарабах агуманитартә еинышәараз еилацәажәеит

Уаанӡа Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан иҳәахьан аимак азонаҿы урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыҟазаара аҭагылазаашьа арманшәалон ҳәа. Америка, Франциа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит  Урыстәыла аҽазышәарақәа ирыдгыларц.

"Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит аимак ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь аҭынчреиҿкааҩцәа аганқәа рыҩба рақәшаҳаҭрала мацара шакәу рнеира шалшо", - иҳәеит Песков.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Ҟарабах адыррақәа рыла ареспублика ауаа реиланхарҭақәа артиллериала ирылахысуан, аҳҭнықалақь Степанакертгьы налаҵаны. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит.

Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.

Урыстәыла, Америка, Франциа рхадацәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит аибашьра аанкыланы аиҿцәажәаратә мҩа иазкылсырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0