Аԥсны сынтәа аџьықәреи аҽаҩра еиҳауп ҵыԥх аасҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукУборка урожая кукурузы
Уборка урожая кукурузы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазы еизган 12,5 нызқь тонна аџьықәреи, 2020 шықәса жьҭаара анҵәамҭазы Аԥсны иҭаргалахьеит 17,7 нызқь тонна.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik. 2020 шықәса жьҭаара анҵәамҭазы Аԥсны иҭаргалахьеит 17,7 нызқь тонна аџьықәреи.

Очамчыра араион аҿы аҽаҩра бзиа ҭагалоуп ҳәа иҳәеит Очамчыра араион аграном хада Давид Ашәба.

Уборка урожая кукурузы в Абхазии (Лонгрид) - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи аарыхразы Гәдоуҭа араион хәышықәсатәи арекорд иаԥгоуп

"Сынтәа иазыԥхьагәаҳҭоит 6 700 тонна аҭагалара. Ииасыз ашықәс иадкыланы ари хыԥхьаӡара дууп. Ҵыԥх аџьықәреи лаҵан 1700 гектар рҿы, сынтәа – 3000 гектар", - иҳәеит Ашәба.

Аҭагылазаашьа убас ауп ишыҟоу егьырҭ араионқәа рҿгьы: Гал араион–5 000 тонна, Тҟәарчал араион аҿы илаҵан 950 гектар рҟны. Гәылрыԥшь араион аҿы макьана аҭагалара иалымгацт. Уаҟа илаҵан 600 гектар амхурсҭақәа. Иҭаргалахьеит 1500 тонна аџьықәреи.

"Ҵыԥх аасҭа 200-300 тонна рыла еиҳауп. Ахаҭабзиара акыр иҳаракуп. Аџьықәреи ахәышәтәразы ахәшәқәа шаны анхацәа ираҳҭеит. Аус бзианы иадыруылеит", - иҳәеит араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рафик Григориан.

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аиҳабы Дамеи Ҭыжәба иажәақәа рыла, араион аҿы иазыԥшуп 200 тонна рҟынӡа. Аура абжеиҳара ҭагалоуп.

Ҩнызқь тонна рҟынӡа аџьықәреи аҭагалара азыԥхьагәарҭоит Гәдоуҭа араион аҿы сынтәа. Ари аҵыхәтәантәи ахәышықәсазы ирекорду рбагоуп.

"Ҩ-нызқь тонна рҟынӡа аџьықәреи аҭагалара азыԥхьагәаҳҭоит Гәдоуҭа араион аҿы 2020 шықәсазы. Ари аҵыхәтәантәи ахәышықәсазы ирекорду рбагоуп", - Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит, сынтәа аџыьқәреи аиԥш егьырҭ ақыҭанхамҩатә ҽаҩрақәа зегьы рхаҭабзиара акыр ишыҳараку. Иара игәаанагарала уи зыхҟьаз ааԥынразы аҳауа +15 °С иахьеиҳамхоз ауп. Уахынлатәи ахьшәашәара амармалташь пты аҿиара иаԥырхаган.

Амиран Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьал Тҟәарчал аџьықәреи аҽаҩразы: аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш ҳамбацт

Меркула ақыҭа инхо Ҭемыр Амқәаб иҳәоит уаанӡа еиҳа еиҵаны илаҵаны ишимаз.

"Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы аԥсҭазаара аҽакала иҟан. Еиҳа имаҷны иласҵон. Сынтәа апандемиа акыр ҳаршәеит, иҟалаша аӡәгьы издырам. Аҳауатә ҭагылазаашьагьы бзианы иақәшәеит", - еиҭеиҳәоит иара.

Пицунда ахадара COVID-19 иадҳәаланы атуристтә сезон аԥсыҽраз хә-гектарк аџьықәреи ларҵеит, аха аарҩара аԥырхагахеит.

"Гал араион аҿы иааҳхәеит, хә-гектарк лаҳҵеит аха ибзиамхеит", - иҳәеит Пицунда ахада Алхас Шамба.

Гагра араион арбагақәа рзы аинформациа ҳмоуит араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа акарантин азы иахьаркыз иахырҟьаны.

Аҟәа араион аҿы аурақәа рзеиԥш хышәаҵышәа – 110 гектар, Гәылрыԥшь араион – 600 гектар,  Очамчыра араион – 3,5 нызқь гектар,  Тҟәарчал араион– 950 гектар,  Гал араион – 2,5 нызқь гектар.

Ажәабжьқәа зегьы
0