Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаразиаԥҳа гагратәи астудентцәа ахәышәтәырҭақәа рҿы рыҷаԥшьаразы: хатәгәаԥхарала ицеит

© Foto / предоставила Людмила Харазия Людмила Харазия
Людмила Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иатәу гагратәи амедициантә абжьаратә ҵараиурҭа гәыԥҩык астудентцәа аковидтә-хәышәтәырҭақәа рахь ацхырааразы ицеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Ҳаразиаԥҳа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳаразиаԥҳа амедициантә ҵариурҭа астудентцәа рыҷыԥшьарақәа ирызкны

"Аԥшьбатәи акурс астудентцәа 12-ҩык шьҭын гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь, уа аус руан мчыбжьык. Дара хатәгәаԥхарала ицеит. Аԥхьа иааины исарҳәеит агәаҳәара шрымоу атәы, рҭаацәа адырра анрырҭа ашьҭахь, астудентцәа шьҭын. Уажәы еиҭа 14-ҩык аус руеит, урҭ рахьтә "Ацәаҳәа ҟаԥшь" аҟны аус руеит ԥшьҩык, егьырҭ уахь инеиӡом, аха ахәышәтәырҭаҿы ицхыраауеит. Ашьыжь асааҭ жәба рзы инеиуеит ахәылбыҽха асааҭ жәба рзы идәылҵуеит, реиҳарак санитаркацәас иҟоуп. Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь ахь аа-ҩык цеит. Ахәыҷқәа аусура мап ацәыркӡом, аҳақьымцәа ирарҳәо ҟарҵоит. Ахԥатәи акурс астудентцәа мызкы ҳәа ицеит аусура. Дара 25-ҩык ыҟоуп. Егьырҭ макьана ихәыҷқәоуп. Дара зегьы еиҭа иазыхиоуп ахәышәтәырҭақәа рахь ацхыраара ацара сҳәар мцхоит", - еиҭалҳәеит Ҳаразиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0