Алахьынҵа бзиа змоу ашәҟәыҩҩы: Сергеи Кәыҵниа диижьҭеи 85 шықәса ҵит

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааСергеи Квициниа
Сергеи Квициниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа 85 шықәса ҵит аԥсуа шәҟәыҩҩы Сергеи Кәыҵниа диижьҭеи. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа иара игәаларшәара иазикит.

Сергеи Андреи-иԥа Кәыҵниа сара даара иџьабаа дуқәа сыдуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет саналга, аусура салагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы еиҭагаҩыс. Уа шықәсыбжак раҟара аус сухьан еиԥш, Сергеи Андреи-иԥа усҟан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿ" аус иуан редактор хадас, сыӡбахә иаҳаит, ажәеинраалақәа зыҩуа поет қәыԥшк агазеҭаҿ аус иуеит ҳәа.

Платон Бебиа - Sputnik Аҧсны
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит

Уи акәхеит, усҟан уи ашәҟәҭыжьырҭа адиректорс аус зуаз, сара сҩымҭа хәыҷқәа уаанӡа изымԥыхьашәахьаз еицырдыруаз ашәҟәыҩҩы Шьалаодиа Аџьынџьал иеиҳәеит, абри аҷкәын иӡбахә зласаҳаз ала, дҳахәоит, усура даагап ҳәа. Шьалодиа аҳаҭыр ду змаз шәҟәыҩҩын, усҟан агазеҭаҿ усгьы имариаӡамызт ркадрқәа рымхра, аха уи еиԥш иҟаз ауаҩы ианреиҳәа, мап кышьа рзыҟамҵазар акәхап, иақәшаҳаҭхеит!..

Абас ала, сара сшыҷкәынӡаз ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿы" Сергеи Кәыҵниа ибзоураны редактор еиҵбыс срыдыркылеит.

Сергеи Андреи-иԥа Кәыҵниа диит 1935 шықәса, нанҳәамза жәеиза рзы, Очымчыра араион Аҭара ақыҭан. Уи данҩыҵшәаз инаркны аҵара игәы азыбылуан, дрыԥхьон ашәҟәқәа ирацәаӡаны. Убри азы акәзар ҟалап, иара прозаикк иаҳасабала дышҭышәынтәалахьазгьы, жәохә шықәса инарзынаԥшуа Очамчыра араион ақыҭа школқәа рҿы ирацәаӡаны рҵаҩыс ихы-иԥсы ақәҵаны аус зиуаз, ажәлар рҵеира зиааӡоз.

Иара ихаҭа Аҭаратәи абжьаратәи школ даналга, дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Аҵара қәҿиарала даналга, кыршықәсатәи ирҵаҩратә усурақәа анхиркәша, аԥсҭазааратә ԥышәа ду аниоу, 1976 шықәса рзы диасуеит Аҟәа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿ редакторс, ԥыҭрак ашьҭахь редактор еиҳабыс.

Сергеи Андреи-иԥа раԥхьаӡатәи иажәабжь кьыԥхьын 1958 шықәса рзы. Убри нахыс прозаикк иаҳасабала деицгәарҭеит, ажәа лыԥшаахқәа изырҳәеит ҳакритикцәа, ҳлитератураҭҵааҩцәа.

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

Уи иажәабжьқәа еиҳараӡакгьы изызкыз ақыҭа ԥсҭазаара акәын, уи ииашаҵәҟьаны, инарҵауланы, ибзианы идыруан. Ирлас-ырласны дкьыԥхьуан ажурналқәа "Алашареи", "Амцабзи" агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи" рҿы. Сергеи Андреи иԥа Кәыҵниа зынӡа 15 шәҟәы дравторын. Урҭ рахьтә иаарылукаартә иҟоуп ишәҟәқәа: "Азԥшра", "Гунда ԥшӡа", "Амра аныԥхо", "Аԥышәара", "Аӡыхь аҵхра", "Ашҭаҭбаа", "Мшыбзиа сқыҭа", "Набжьоутәи ажәабжьқәа", " Аҿыҭыбжьы", "Насыԥ змоу", иара убасгьы иажәабжьқәеи иромани згәылоу иҩымҭақәа реизга х-томкны.

Иҟалап ҳаԥсуа литератураҿы дыҟамзар Сергеи Кәыҵниа иаҟара ахәыҷқәа ирызкны ирацәаны ажәабжьқәа аԥызҵахьоу даҽа шәҟәыҩҩык.

Сергеи Анреи-иԥа даара аԥышәа змаз, атекстаҿ нбанк кьынаан игылазар, иаразнак ахацәа иқәыԥшуаз, зылаԥш иҵашәоз редактор бзиаӡан! Усҟан, сара исгәалашәоит, ашәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәшаҿы аредакторцәа хәҩык ҳаҟан. Дасу ҳзыԥхьоз, аредакциа ззаҳуаз ашәҟәқәа зегьы, ҳнапы ианыҵаҳхлак, иаразнак иара иахь инаагон, иара "илыхәҭа" гәӡа ианахижьлак, акагымкәа ианирыцқьалак, нас ашәҟәҭыжьырҭа адиректор ихаҭыԥуаҩ, апоет Платон Бебиа ирҭон, уи ашьҭахь адиректор Шьалодиа Аџьынџьал, нас урҭ зегьы рнапқәа анақәрҵалак, ашықәстәтәи аплан иаларҵон, уа ианышьақәдрыӷәӷәалак, ишиашаз аҭыжьрахь ицон. Абарҭ зегьы ирхыжьны, атекст гха-ԥхак амамкәа, иахьагырхатәыз иагырханы, аус ахьадулатәыз иадуланы, ашәҟәҭыжьырҭаҿы зегьы еиҿызкаауаз, хадаратәла зҭакԥхықәра ӷәӷәуаз аидара зҟәаҟәа иқәызхуаз, иҟазҵоз, Сергеи Андреи-иԥа иакәын.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

Иахьа аԥсуа шәҟәҭыжьырҭаҿы аус зухьоу рҟынтәи иреиӷьу аредакторцәа рыхьӡ мышкызны аӡәыр иаликаараны дыҟазар, хымԥада, Сергеи Кәыҵниа ихьӡ иаҩысыр, даара исабаԥым ҳәа иԥхьаӡатәуп.

Уи аусураҿы убриаҟара зегьы шкылирышәшәаауазгьы, аусумҭа акы агны ицар, зегьы ирбо-ираҳауа дуацәҳар шилшозгьы, адәахьы шәанеицдәылҵлак, акаҳуажәырҭаҿ, акрыфарҭаҿ, акрыжәырҭаҿ, иаԥхьа уџьыба узҭалаӡомызт! Уи убриаҟара даԥсуан, есымша ауаҩ ҳаҭыр иқәиҵалар иҭахын, ичеиџьика агьама ибар иҭахын, акаҳуажәырҭаҿ диқәшәаргьы, иҩны днеизшәа, дныҳәа-ныԥхьан, пату иқәҵан, димышьҭыр иуӡомызт.

Сергеи Андреи иԥа ихьӡ редактор бзиак иаҳасаб ала анаҩсгьы, шәҟәыҩҩык иаҳасабалагьы даара ихцәажәара, игәаларшәара ахәҭоуп. Уи ахәыҷқәа ирызкны ажәабжь бзиақәа еидызкыло ашәҟәы ссирқәа ҭижьхьеит, иара убасгьы аповестқәа, ҳџьынџьтәылатә еибашьра иазку ароман " Набжьоутәи ахҭысқәа." Ари ароман ҳлитератураҿы иахьынӡахәҭоу ахә шьам, аԥхьаҩцәа аӡбахә бзианы ираҳартә иӡыргам, уи зхароу иахьатәи ҳлитературатә критикеи, алитература аӡыргара зуалу ашәҟәыҩҩцәеи ҳауп.

Сара излаздыруа ала, зегь ҳагха акритик Руслан Қапба ихаирҭәаауеит, хара имгакәа ихиркәшаран дыҟоуп Сергеи Кәыҵниа изку инеиҵыху амонографиа… Иара убасгьы иара иҩыза гәакьа, абаҩхатәра бзиа змаз, иаамҭаӡамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз апоет Рауль Лашәриа астатиа бзиаӡа азикхьан ашәҟәыҩҩы ирҿиара.

Иазгәаҭатәуп, Сергеи зынӡа ахӡыргара зламыз, ашьац змырҟьацуаз, аӡәы сибандаз ҳәа ахаан амыцхә зхы шьҭызымхыцыз шәҟәыҩҩын. Уи ишәҟәы бзиақәа реиԥш, ихылҵит ахшара бзиаӡақәа, иӡӷабцәа ҩыџьеи, иҷкәыни. Имоуп амаҭацәа. Абраҟа инаҵшьны иазгәаҭатәуп, уи иԥҳа еиҵбы Гәында Кәыҵниаԥҳа, Аԥсны еицырдыруа поетуп, уаажәларратә усзуҩуп, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауриатуп!

Сара агәра згоит, Сергеи Андреи-иԥа Кәыҵниа ипроза иҵегь аҭҵаара, аӡыргара, ахәыҷқәа ирызку иреиӷьӡоу иажәабжьқәа реиҭаҭыжьра хымԥада ишаҭаху. Уи иҩымҭақәа ирымоуп алахьынҵа бзиа, уаҵәы игылоу аҿар ирҭахны, бзиа ибаны ирыԥхьоит!

Ажәабжьқәа зегьы
0