Аӡын рҽазыҟарҵоит: Бзыԥҭа аҳабла амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Саида ЖибаБзыԥҭа аҳабла ахадара амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагоит
Бзыԥҭа аҳабла ахадара амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭа аҳабла ацҳа инаркны Пицунда абжьаларҭанӡа амҩа хадаҿы атехника ҷыда ахархәарала аиҿкааратә усурақәа нап дыркуп.

Бзыԥҭа, абҵара 7 - Sputnik. Саида Жьиԥҳа. Бзыԥҭа аҳаблаҿы нап аркын акыр шықәса игәыгәҭажьыз амҩа хада аӡцарҭақәа ррыцқьареи, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа лассы-лассы аԥхасҭа рызҭалоз иҩаз аҵлақәа рымахәқәа ахырҿҿареи, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳабла ахада Едгар Кьетиа.

Бзыԥҭа ацҳа инаркны Пицунда абжьаларҭанӡа ԥшь-километрак ыҟоуп. Ахҵәаха аӡцарҭақәа махәҿыла арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Едгар Кьетиа игәы иаланы иҳәоит, амашьынаныҟәцаҩцәеи, апассаџьырцәеи аӡәырҩы ргәамсам аԥенџьыр аҟнытә ишкарыжьуа. Урҭ аӡцарҭақәа ирҭаҳауа, хахьла аҵиаақәа рықәиаауа ианалагалак, хымԥада арыцқьараан аџьабаа убоит.

© Sputnik / Саида Жиба Бзыԥҭа аҳабла ахадара амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагоит
Аӡын рҽазыҟарҵоит: Бзыԥҭа аҳабла амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭа аҳабла ахадара амҩа хадаҿы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагоит

"Аҭагылазаашьа схы иархәаны амашьынаныҟәцаҩцәеи, апассаџьырцәеи рахь аҳәара ҟасҵоит ргәамсам иахьахәҭоу икарыжьарц. Изныкымкәа иҟалахьеит амҩахь идыршәуа аԥҽыха иалху аԥаҭлыка, ирышьҭанеиуа атранспорт ааха ананаҭахьоу. Адәаҿы имбаауаа амаҭәарқәа ҳара ҳхала, напыла иҟәшәаны икаҳажьуеит. Аха есыҽны хымдыррала зхы аазырԥшуа ҳшәышьҭанеиуа шәгәамсам ҳзышьҭхӡом. Иҟалозар ишәымхәаҽын ҳаԥсабара»", - иҳәеит аҳабла ахада.

Афинансқәа амаҷра иахҟьаны арыцқьарақәа ирыдырԥхьало ауаа рыцәмаҷхеит, уи азы аҳабла ахада Едгар Кьетиа хаҭала ихы рылаирхәоит. Схаҭагьы срыдгылар акәхеит махәҿыла аус зуа, сара саннеи сҩызцәагьы сывагылеит, иҳәеит иара.

Аӡынтәи аамҭазы, аԥшацәгьақәа асуа ианалаго, иара Бзыԥҭа уеизгьы лассы-лассы аԥша аҿоуп, амҩа хада иаԥну аҵлақәа рымахәқәа анхжәалак афымцатә цәаҳәақәа ԥырыҵәҵәоит. Усҟан, аусбарҭақәа жәпакы алархәны, азеиԥш транспорт аанкыланы, амахәқәа еилыхны ацәаҳәақәа рҭыԥ иқәҵатәуп. Абарҭқәа раԥырҟәҟәааразы, шықәсы рацәала еилыхымыз аҵла ҳаракқәагьы рхырҿҿаара иаҿуп аҳабла ахадара.

Ситуация с питьевой водой в Крыму - Sputnik Аҧсны
Гагра ӡыла аиқәыршәара етап-етапла имҩаԥгахоит

"Гагра араион ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь ицхыраарала, Бзыԥҭаҟа аҳәара аныҟаҳҵо иаҳзаарышьҭуеит атехника ҷыда. Уи ҳхы иархәаны амҩа хада иаԥну аҵлақәа еилаҳхуеит. Ишәгәалашәозар ҟалап, шаҟантәи аҵлақәа анхжәо афымцамҩангагатә цәаҳәақәа ааха роухьоу. Анцәа ҳаихьчоит акәымзар, ауаа рганахь алагьы машәыр ҟалар ауеит. Абарҭқәа зегьы ҳрызхәыцны излаҳалшо ала аиҿкааратә усурақәа нап аҳаркит", - еиҭеиҳәоит Едгар Кьетиа.

Иара иажәақәа рыла, Бзыԥҭа ацҳа инаркны Пицунда абжьаларҭанӡа жәаба рҟынӡа агәамсамҭрақәа рышьақәыргылара ргәы иҭоуп. Убас, иахьа аус зымуа 40 инарзынаԥшуа амҩа иаԥну афымцатә шьаҟақәа рыԥсахра азԥхьагәарҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0