Тамшь ақыҭан асанатор-курорттә обиект аргыларазы Апарламент азин ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Парламента
Заседание Парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, абҵара 12 рзы. Уа иалацәажәан Тамшь ақыҭан асанатор-курорттә обиект аргылара азҵаара.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Апарламент Тамшь ақыҭан асанатор-курорттә обиект – амашьынаргыларҭа, апарктә зона, ахәаахәҭреи акрыфара-чареи робиектқәа аланы аргылара азин ҟанаҵеит.

12,5 гектар иҟоу адгьылҭыԥ арендала иагоит 25 шықәса ҿҳәарас иаманы ИАЕ "Ахьтәы уасцәа".

Аилазаара акәзар, аобиект аргылара апроект фымз рыҩнуҵҟа иҟаҵаны ақәыршаҳаҭразы адепутатцәа ирыднагалароуп, анаҩс аргылара хнаркәшароуп ҩышықәсеи бжаки рыла. Аилахәыра иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит аҵакыра ариаҵәара, анеирҭа амҩақәа рыҟаҵара.

Адепутатцәа иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара азин анаҭеит 5,6 гектар иҟоу адгьылҭыԥ акатегориа "абнатә фонд адгьыл" аҟынтәи акатегориа "анхарҭа ҭыԥ адгьыл" ахь ииагазарц.

Апарламент ақәшаҳаҭхеит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан 0,4 гектар иҟоу акатегориа "ақыҭанхамҩатә дгьыл" аҟынтәи акатегориа "анхарҭа ҭыԥ адгьыл" ахь ииагазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0