Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри Шьамтәыла аԥыза-министри реиԥылара мҩаԥысит

© Foto / Министерство иностранных дел РАМинистр иностранных дел Республики Абхазия Даур Кове встретился с Премьер-министром Сирийской Арабской Республики Хусейном Арнус
Министр иностранных дел Республики Абхазия Даур Кове встретился с Премьер-министром Сирийской Арабской Республики Хусейном Арнус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа алахәуп Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳҭнықалақь Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аконференциа.

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеин Арнуси реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Даур Кове и Валид Аль Муаллем подписали Соглашение между Правительством Республики Абхазия и Правительством Сирийской Арабской Республики - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп

Аиԥылара мҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республика Аминистрцәа реилазаараҿы. Аԥснытәи аделегациа алахәуп Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аконференциа.

Аԥснытәи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аԥыза-министр Хусеин Арнус ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ареспублика Шьамтәылатәи ареспублика адгылара аҭареи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи иахьазыхиоу.

Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит иахьатәи аҭагылазаашьаан аиҩызаратә тәылақәа дара-дара рыжәҩахыр еибырҭалароуп ҳәа.

Ақаҩба аԥыза-министр Арнус иирдырит "Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәылатә еицырзеиԥшу аилак" аԥсуа хәҭа шеиҿкаау, ҩ-ганктәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аиԥылара амҩаԥгара ишазыхиоу. Арнус аԥсуа министр агәра ииргеит аилак шьамтәылатәи ахәҭагьы хара имгакәа ишеиҿкаахо. Уи азы адырра шиҭахо Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ.

Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура аганахьала. Уи аԥхьа Даур Ақаҩба далахәын ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Жәларбжьаратәи аконференциа аартра.

Аконференциа иалахәын жәабала атәылақәа рҟынтәи адипломатцәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0