Аԥсны акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара хәнызқьҩык иреиҳахеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосквичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5024-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3452-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 60-ҩык.

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа 296-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 73-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абҵара 12 рзы акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы.

1927 шықәсазы ииз апациент иԥсҭазаара далҵит. Иара абҵара 5 рзы уахь дҭашәеит ахәышәтәырҭанҭыҵтәи арыӷьарахьтәи аполисегментартә гәыҵәкра ахьимаз азы аԥсыԥлагаҩагара ицәыцәгьаны. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, апациент иԥсҭазаара далҵит. Егьи апациентгьы, 1938 шықәсазы ииз, абҵара 12 рзы иԥсҭазаара далҵит. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 9 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, апациент иԥсҭазаара далҵит. Иара ицәа иалан егьырҭ ачымазара хьанҭақәагьы.

 

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а ауааԥсыра, урҭ рахьтә 87-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ы, илҩаауп 7-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 33-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 34-ҩык апациентцәа. 30-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0