00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра амилициа аусзуҩцәа руалафахәы иацнаҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аратификациа азнауит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аицԥаразоужьраз аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аицԥаразоужьраз аиқәшаҳара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы иацлоит 70% рыла, иагьеиӷьтәхоит аусбарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәара ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿы абҵара 17 рзы.

Бжьаниа игәаанагарала аиқәшаҳаҭра ареспублика ацхыраара ду анаҭоит. Сынтәа мацара иалнаршоит 40 ак автотранспорт ҷыда аахәара.

"Абҵара 12 рзы, Аинформациа-координациатә центр азы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа аналагалаз аҽны Апарламент аратификациа азнауит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аԥсны ААР аицԥаразоужьраз аиқәшаҳаҭрагьы. Арҭ адокументқәа уаанӡагьы иазырхиазар акәын. Иҳарҭозеи дара? Ацхыраара ду", - ҳәа иҳәеит ахада.

Ахада игәаанагарала, аиқәшаҳаҭра аус ауа иалагахьазар акәын, аха иазхьаԥшымызт.

Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны
Апарламент Аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьа аԥҟара рыԥсахит

"Уаанӡа азхьаԥшра рыҭазҭгьы, ҳусзуҩцәа 2018, 2019 шықәсқәа рызгьы еиҳау ауалафахәы роуазаарын. Аха мзызқәак ирхырҟьаны уажәраанӡа ишьҭаханы иҟан", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аԥсны ААР аицԥаразоужьраз аиқәшаҳара инақәыршәаны 2021-2022 шықәсқәа рзы аусбарҭа иазоужьхоит 620 миллион мааҭ.

Урыстәылеи Аԥсни рыҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Москва, жьҭаара 23, 2020 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0