Аԥсны амилаҭтә банк аԥстәқәа ирызку агәалашәаратә монетақәа ҭнажьит

© Sputnik / Томас ТхайцукНацбанк
Нацбанк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩ-аԥсарк иҟоу амонетақәа Аԥсны абанк "Хәызмам аметаллқәа ирылху агәалашәаратә монетақәа" рсериа иаҵанакуеит.

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Агәалашәаратә монетақәа "Аԥсны аԥстәқәа" ҭыжьуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны абанк адәныҟатә еимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

"Амонетақәа Аԥсны аԥстәқәа ирызкуп. Уажәы аус рыдырулоит Аԥсны аҵиаақәа ирызку амонетақәа. Ари атема аинтерес рымоуп анумизматцәа. Ҳара ҳҿы аԥсабара акыр ибеиоуп, уи азы ари атематика иазку амонетақәа рҭыжьра аҵакы амоуп", - лҳәоит Агрԥҳа.

Дизаинерс дыҟоуп асахьаҭыхыҩ Тимур Ҟаитан, амонетақәа ҭыжьуп Гознак. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Асериа шьақәгылоуп быжь-монетак рыла.

Амонетақәа рҟны иарбоуп: кавказтәи адомбеи, ахьшьыцба, ардәына еиқәаҵәа, абнацгәы, абӷаџьма уҳәа аԥстәқәа.

Лианы Агрԥҳа лажәақәа рыла амонетақәа раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы. Урҭ рыхәԥса макьаназы ишьақәыргылам.

Ҩ-аԥсарк иҟоу амонетақәа Аԥсны абанк "Хәызмам аметаллқәа ирылху агәалашәаратә монетақәа" рсериа иаҵанакуеит.

Уаанӡа Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьхьан аразнытә гәалашәаратә монета "Аиааира Ду 75-шықәса ахыҵит".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0