АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк ахархәараз иҭнажьит "Аиааира Ду 75-шықәса" захьӡу араӡнытә гәаларшәагатә монета ҳәа аанацҳауеит Абанк асаит.
Аҭыжьра иара убасгьы иазырхианы иҟоуп абарҭ асериақәа иртәу агәаларшәагатә монетақәа: "Кавказ ажәларқәа рцәамаҭәеи рабџьари", "Аԥсуа шәарыцаҩ", "Аубых ҭауади иааӡаҩи".
Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә монета аноминал жәа-апсарк ыҟоуп, атираж - 100-цырак.
Аверс аҿы иарбоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб, ареверс аҿы ахархәара аҭоуп еицырдыруа афотоҭыхыҩ Коротков ифотосахьа "Ан". Афотосахьаҿ дҭыхуп 1942 шықәсазы Севастопаль амҵаны зԥа Алықьса Аршба дҭахаз ан Марушьа Ԥачлиаԥҳа лыҷкәын исахьа кны.
Араӡны монетақәа "Аԥсуа шәарыцаҩ", "Аубых ҭауади иааӡаҩи" рноминал 20-20 аԥсар ыҟоуп, ртираж –100-100 цыра.
Руак аверс аҿы иарбоуп аԥсуа еибашьцәа, XIX ашәышықәса иатәу Дмитри Ермаков иҭыхымҭа "Аԥсуа депутатцәа", иара убасгьы асолиартә дырга – иԥыруа 11 шьхауарба.
"Аԥсуа шәарыцаҩ" иатәу амонета ареверс аҿы дарбоуп ауапа зшәу ашәарыцаҩ алабашьа икны, имаҟа аҟамеи аҭҭынҭреи аваҵаны.
"Аубых ҭауад" ареверс аҿы иарбоуп Григори Гагарин иальбом " Кавказаа рцәамаҭәа" асахьақәа руак.
Уаанӡа Амилаҭтә банк иҭнажьхьан амонетақәа - "Аԥсуа аамысҭа", "Аԥсуа еибашьҩы", "Аԥсуа бџьарныҟәгаҩ", "Аԥсуа ҭауад".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амилаҭтә банк агәаларшәагатә монета ҿыцқәа ԥшьба ҭнажьит