Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭа ҭагалантәи аԥсҭазаара еилашуеит. Ақыҭанхамҩа знапы алаку ауаа рҽаҩра аҭагалара напы адыркит, алҵшәа бзиагьы рзыԥшуп ҳәа уҳәарц алшоит. Еиҳараӡак араҟа хашәалас ирымоу ацитрусттә шәырхкқәа роуп, иалкааны амандарин. Анхацәа иазгәарҭоит сынтәатәи ашықәс акыр ишеиӷьхаз ҵыԥхтәи аасҭа.
2019 шықәсазы ицәырҵыз ахәаҷа-маҷақәа ирыхҟьаны амандарин аԥырхага ӷәӷәа аиуит, аҭиразы иаԥсамкәа иҟалаз рацәахеит. Ҳәарада, ақыҭауаа рзыҳәан ари рыцҳара духеит.
Анхаҩы Хорен Сариан иазгәеиҭоит ари аҩыза ачымазара раԥхьаӡа акәны ишибо. Ахәаҷа-маҷақәа рыдагьы уаҳа ԥырхагас ирзыҟалаз атәы дазааҭгыло иҳәеит:
"Амандарин бзиаҵәҟьа, ҳара ҳзышьцылоу, ацәа ҵаӷаӡа, абӷьы иаҵәҟаҟараӡа иҟоу ауп. Уажәтәи
амандарин ацәа канӡоуп, абӷьы ашәакәеиԥш ишкәакәаӡа иақәуп. Ари аҩыза раԥхьаӡа акәны избоит. Дҳамаӡам агроном бзиаҵәҟьа, убри рыцҳара дуӡӡоуп. Аиҳабыра иҟарҵо ацхыраара хҳы иархәаны ҳаҿуп ахәышәтәра, ҳгәы иаанагоит иалҳаргап ҳәа", - абас дҳацәажәеит анхаҩы.
Сынтәа аҳәынҭқарра иҟанаҵаз ацхыраареи ақыҭауаа рџьабааи рыла имаҷымкәан амандарин ахәышәтәразы аусхкқәа нагӡан.
64 шықәса ирҭагылоу, 26 шықәса раахыс Приморское ақыҭан инхо анхаҩы Акоп Авџьан гәахәарыла дазааҭгылоит ахәаҷа-маҷақәа раԥыхразы аиҳабыра ирзыҟарҵаз аус:
"Ҳқыҭа администрациа ахадара даара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп иҳарҭаз ацхырааразы. Имаҷымкәан иаҳзааргеит ахәшәқәа, ҩынтә иақәаҳҭәеит, ишаҳбо ала, еиӷьхеит. Сара 25 гектар сымоуп, сезонк ала 3 тоннак инарзынаԥшуа амандарин ҿысхуеит", - иҳәоит Авџьан.
Иазгәаҭатәуп, амандарин сынтәа ачымазара ишацәырыхьчазгьы, анхаҩцәа ишрызцәырҵыз даҽа
уадаҩракгьы, уи атауар аҳәаа ахыгара азҵаатәы ауп.
"Даара угәы еихьызшьуа акакәны иҟоуп ишахәҭоу ҳтауар аҳәаа иахьҳзахымго. Ҵыԥх амандарин шмаҷыз ала, 40 мааҭ итәон акьыла ахәԥса, аха сынтәа иаҳзыԥшу ҳаздыруам. Уи апроблема еснагь иҳазцәырҵуан,аха уажәы апандемиа иахҟьаны ахыгара еиҳа ауадаҩрақәа ҳазцәырнагоит, даҽа жәамш рышьҭахь зынӡа иҩеижьхоит, аҭаара ҳалагоит, агәыӷра ду ҳамоуп џьара цхыраарак ҳауп ҳәа уи аҭыԥ ақәҵаразы", - иҳәоит анхаҩы.
Акоп даара алаф бзиа избо, илахҿыху нхаҩуп. Ауадаҩрақәа ртәы даналацәажәогьы, игәы каижьуам, "ҳанеиӷьугьы ҳдыруазароуп" иҳәоит. Афеихоа иалхны иџьбароу ауатка цқьа иршуеит, уигьы аҭаацәара рхашәала акыр иацхраауеит. Иџьаус аҟны ивагылоуп иҭаацәа.
Ахацәа еиҳа ацитрустә шәырхкқәа хырҩа арҭозар, аҳәса азҿлымҳауп ахәырмарҩа аҟаҵара. Аԥшәмаԥҳәыс Карагозиан Рузанна ирыԥх-рыԥхны, ахәырма цәырҳәны, аҩара ада ус амамакәан илызкнаҳауп.
"Ахәырма ус арҩара мариаӡам. Тоннак аҟынтәи 250-300 кьыла рҟынӡа алҵуеит ирҩаны. Амра аҭахуп еснагь, аԥша адсылароуп иахьхшьу, акәымзар иԥхасҭахоит", - лҳәоит аԥшәмаԥҳәыс.
Рузанна експеримент ҳасабла сынтәа илыӡбеит ахәырма арԥхага иахакнаҳаны арҩара, уи лықәҿио илықәымҿио атәы макьана илыздыруам.
Ақыҭа Приморское аҟны инхоит 70 ҭӡы инарзынаԥшуа, хыԥхьаӡарала 1700-ҩык ауааԥсыра рҟынӡа инаӡоит.
Ақыҭа ахада Алиас Габуниа ҳаниҿцәажәоз, иаҳзеиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы уадаҩрақәас ирызцәырҵуа, ӡбашьас иарҭо, инарыгӡахьоу аус атәы.
"Ақыҭа Приморское еихшоуп аа-бригадак рыла. Ақыҭа дууп. Иахьазы ипроблемоуп амҩа, аӡы, афыцамч азымхара. Уи азҵаара шьҭаҳхьеит, маҷ-маҷ аиҿкаара напы аҳаркуеит, афинанстә цхыраара ҳақәгәыӷуеит. Анхацәа хәыда-ԥсада ирзоужьын ашәырхкқәа рыхәышәтәразы иахәҭоу ахәшәқәа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас иара иажәақәа рыла, ааигәа абыжьбатәии аабатәии абригадақәа еимаздо ацҳа ҟаҵан, уи анхацәа даара иаргәырӷьеит, уи ашьҭахь анеиааира акыр ирзыманшәалахеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара
-
Аџьабаа абзабаа анацу: 50 шықәса акарпыжә аазрыхуа анхаҩы иҭоурых