Акоронавирус зыдбалаз даҽа хҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра "Сколково"
Разработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 308-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 87-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ахәышәтәырҭақәа рҟны аҿкычымазара зыдбаланы ишьҭаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҟны иԥсҭазаара далҵит 1954 шықәсазы ииз апациент. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирустә инфекциа ицәа иаланы жьҭаара 16 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизмҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит абҵара 29 рзы.

Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1936 шықәсазы ииз апациент. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирустә инфекциа ицәа иаланы абҵара 22 рзы. Ареанимациа аҟәшахьы диаган иҭагылазаашьа акыр ианыӷәӷәаха абҵара 26 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит абҵара 29 рзы.

Абҵара 29 рзы аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1940 шықәса рзы ииз апациент. Иара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, апациент иԥсҭазаара далҵит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны абҵара 29 рзы. 

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 79-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 65-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 43-ҩык апациентцәа. 40-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5970-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3845-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 84-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0