Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьал еиҭеиҳәеит Аҟәа ариаҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы

© Foto / предоставил Гоча ДжинджалГоча Джинджал
Гоча Джинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахадара ариаҵәаратә усбарҭа агроном хада Гоча Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа рзы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Џьынџьал еиҭеиҳәеит Аҟәа ариаҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы

"Аԥхьа инаргыланы ҳаибашьцәа анышә иахьамадоу апарк аҟны еиҭаҳҳаит 65 шьапы аԥсаҵлақәа, акамфортә ҵлақәа -13. Аҵлақәа ӡынгьы-ԥхынгьы аиаҵәара амоуп, ашәшьыра ҟанаҵоит. Ҳгәаанагарала ҳажәларгьы ргәы иаҳа иаахәар ҟалоит. Ирацәахеит уаҟа ихыԥсааз аҵлақәа. Убасгьы, администрациа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҟны еиҭаҳахоит аҵлақәа, уаҵәы-уаҵәашьҭахь афилармониа ааигәа еиҭаҳҳараны ҳаҟоуп, аҵлақәеи аҵиаақәеи рзы аҭыԥқәа ҳархиахьеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны, насгьы амшын аԥшаҳәа иахьагу аҵлақәа еиҭаҳҳарц ауп. Сынтәа, 165 ҵла иреиҳаны еиҭаҳҳауеит, уаҳа изалҵуам, аха аԥхьаҟа ҳгәыӷуеит даҽа 500 шьапы реиҭаҳара ҳалшап ҳәа. Амагнолиақәеи, аԥсақәеи, акамфортә ҵлақәеи, османтусқәеи роуп, аҵлақәа очамчырантәи иааҳгеит, агәыӷра ҳамоуп урҭ аднакылап ҳәа", - иҳәеит Џьынџьал.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0