Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа Аԥсуа театр Нальчик имҩаԥысуа афестиваль алахәхаразы: итрадициахеит

© Foto / предоставлено Шаридой ТужбаШарида Тужба
Шарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль ахь ирго ақәыргыламҭазы аӡбамҭа шрыдыркылази, уи алахәхара аҵаки ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ауаажәларратә еимадарақәа рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Ҭыжәԥҳа Аԥсуа театр Нальчик имҩаԥысуа афестиваль алахәхаразы: итрадициахеит

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена-100", иалахәхараны иҟоуп. Афестиваль мҩаԥысуеит Ҟабарда-Балкариа ареспубликаҿы ԥхынҷкәын 3 инаркны 7-нӡа. Нальчиктәи афестиваль аҿы италиатәи адраматург Едуардо де Филиппо ипиеса иалху, арежиссер Бенар Ақаҩба иқәыргыламҭа аспектакль "Цилиндр" днарбоит. Ари ақәыргыламҭа аԥхьарбара мҩаԥысит ԥхынгәымзазы.

"Афестиваль ахь иаҳгар ҳҭахын "Ромеои Џьулеттеи", иара ақәыргыламҭа ҿыцуп, ахәаԥшцәа бзиа ирбоит, аха иалахәу рацәоуп, ачымазара (COVID-19- аред. ) иахҟьаны иаҳзеиқәмыршәаӡеит, ирлас иузымӡбо еиуеиԥшым азҵаарақәа цәырҵит. Акультура аминистрреи атеатр анапхгареи иазхәыцит иаҳгаша аспектакль, иалаҳхит "Цилиндр". Ақәыргыламҭа ҿыцуп, иалахәу актиорцәагьы рызхара имхәмарӡацт, избанзар акарантин иахҟьаны атеатр адыркуан, иаадыртуан, Аԥсны ҩынтә рыда иқәыргыламызт. Сынтәа афестиваль ахь ҳамцар ҟаломызт, избанзар шьҭа итрадициоуп", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.

2019 шықәсазы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена-100" иалахәын аспектакль "Ажәҩан аҟәара" аманы. Атеатр атруппа "Иреиӷьу актиортә еилазаара" ҳәа адиплом анашьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0