Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз артистка илҳәеит есымша ишылдыруаз лыԥсҭазаара амузыка ишадҳәалахоз.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
"Сҩызцәа хәыҷқәа ашҭаҟны ианыхәмаруаз, сара афортепиано садтәалан. Усҟан сара хымԥада издыруан сзакәхоз, сыԥсҭазаара амузыка ишадҳәалахоз агәраганы сыҟан", абас аиҿцәажәара хацлыркоит адунеитә аоператә сценақәа зтәызтәыз ашәаҳәаҩ Алиса Гыцԥҳа.
Ашәаҳәаҩ аҟазарахь илымоу агәыбылра шьҭрала иаауеит ҳәа илыԥхьаӡоит. Лара диит Аԥсны Жәлар артист, актиор Шьалуа Гыцба иҭаацәараҿы, ԥхынҷкәын 5, 1970 шықәсазы.
Лхәыҷра ашықәсқәа атәы лгәаларшәо, Алиса Гыцԥҳа илҳәоит, урҭ ашықәсқәа илахҿыхыз, игәырӷьараз аамҭан ҳәа.
"Саамҭа аԥсуа театр аҩныҵҟа исхызгон, саб дактиорын, ашкол ашьҭахь иусурахь сигалон. Сызхәаԥшуаз аҽазыҟаҵаратә қәгыларақәа цәгьала исгәаԥхон. Аамҭаказгьы сгәы иҭаскит сактрисахарц, аха саб исабжьимгеит, уи даара ицәгьоу занааҭуп ҳәа иԥхьаӡаны. Иара иҭахын амузыка сҽадасыԥхьаларц. Ус иагьыҟалеит"́, - лҳәоит Гыцԥҳа.
Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы Алиса Гыцԥҳа авокал азы рҵаҩыс длыман еицырдыруаз арҵаҩы Жозефина Бумбуриди. 1989 шықәсазы лара аҵараиурҭа далгеит "Амузыкаа атеориа" акласс ала, дагьҭалеит Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиа, "Асолотә академиатә шәаҳәара" акласс ала, апрофессор Шильникова лҟны.
1993 шықәсазы Москватәи атеатр атруппа "Геликон-опера" дадкылоуп, иахьа уажәраанӡа аус луеит уаҟа. Алиса Гыцԥҳа илҳәоит ахааназы дызхьымхуа шьаҿаны ишыҟоу "Геликон-опера" азыӡырҩра дахьаҭааз. Ашәаҳәаҩ араҟа иналыгӡахьеит 30 инарзынаԥшуа арольқәа. Иаҳҳәап: Аида ("Аида" Дж. Верди), Виолетта ("Травиата" Дж. Верди), Леди Макбет ("Макбет" Дж. Верди), Лиза ("Пиковая дама" П.Чайковский), Татьяна ("Евгений Онегин" П.Чайковский), Эмилия Марти ("Средство Макропулоса" Л.Яначек), Она ("Человеческий голос" Ф.Пуленк), Мадам Лидуан ("Диалоги кармелиток" Ф.Пуленк), Розалинда ("Летучая мышь" И.Штраус), Недда ("Паяцы" Р.Леонкавалло), Антония ("Сказки Гофмана" Ж.Оффенбаха).
"Усҟан исхыҵуан 22 шықәса, зынӡа сқәыԥшын. Аоператә театр ашьаҭа акра иаамҭан, азал маҷын, асолистцәа рхыԥхьаӡара рацәамызт. Иахьазы атеатр еизҳаит, атехника аганахьала, асолистцәа рхыԥхьаӡара акыр иацлеит, аԥеиԥш бзиа азыҟалеит. Араҟа инасыгӡахьеит имаҷымкәан арольқәа", - ҳәа азгәалҭоит Алиса Гыцԥҳа.
Алиса Гыцԥҳа иналыгӡахьоу лрольқәа рҟынтә реиҳа иалылкаауа ҳәа акгьы ыҟаӡам, избанзар урҭ зегьы гәыкала дырзыҟоуп, лхы-лыԥсы азышьҭны иналыгӡоит.
"Иарбан қәгылароу еиҳа иалыскаауа, исзааигәоу ҳәа шәсазҵаауазар, аҭак сзыҟамҵар ҟалап. Асценахь уцәырҵцыҧхьаӡа аҵыхәтәантәи уцәырҵра акәушәа уроль наугӡароуп. Избанзар, аҭакԥхықәра ду ужәҩахыр иқәуп. Ақәыргылаҩ ахәаԥшцәа ирызнеигарц ииҭахыз ахшыҩҵак аӡыргара зуалу артист иоуп. Ҳәарада, уи ашәарагьы агәыхыҭ-хыҭрагьы ацуп", - ҳәа азгәалҭоит Алиса Гыцԥҳа.
Ашәаҳәаҩ лрепертуар иалоуп акамертә музыка аҿырԥштәқәа маҷымкәа: еицырдыруа аурыс, аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рашәақәеи рромансқәеи – Глинка, Мусоргски, Рахманинов, Шуберт, Шуман, Брамс, Лист, Дебиусси, Равель уҳәа убас ирацәаҩны. Алиса Гыцԥҳа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟын лхы ԥылшәахьеит – абарокко инаркны аҩажәатәи ашәышықәса авангардтә музыка аҟынӡа.
Алиса Гыцԥҳа ишазгәалҭо ала, ақәыргылаҩ апиеса рҿыцны, аԥсы ахаҵаны ианааирԥш, актиорцәа уи анырзынагӡа, убасҟан ауп анапеинҟьабжьҵәҟьа азал ианыҩныҩуа.
"Ҳәарада, аҿар иқәдыргыло аоператә спектакльқәа даара аинтерес рыҵоуп. Уи шьҭа даҽакала аԥсы ахарҵоит, еиҳа аҿыц аамҭа иақәшәо. Ақәыргылаҩ илагала хымԥадатәиуп, нас актиор. Ари есыҽнытәи усуроуп, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам иарбанзаалак азанааҭ аҟны", - ҳәа лгәаанагара лҳәоит Алиса Гыцԥҳа.
Ашәаҳәаҩ лгәы иаланы дазааҭгылеит, апандемиа ачымазара шаҟа лусура ианыԥшыз атәы. Лажәақәа рыла, хәажәкыра мзазы ицон аҽазыҟаҵарақәа лара ароль хада ахьыналыгӡоз апремиера дырбаразы, аха уи залымшеит.
"Даара апандемиа ҳусура иаԥырхагахеит. Ҳҽазыҟаҵарақәа зегьы аанаҳкылеит, уи цәгьа ҳазхьаауан. Абжьы есымша аус здуулаша мыругоуп, убри азыҳәан ҳгәыӷуан иаарласны ҳтеатр ашәқәа аартхап ҳәа. Шаҟа ҳаигәарӷьазеи уи аҩыза алшара анаҳзыҟала, иаразнак напы дҳаркит аҽазыҟаҵарақәа. Ԥхынгәи цәыббрамзеи рзы ахәаԥшцәа идырбан ҩ-премиерак. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп жәабранамзазы апремиера ҿыц ақәыргылара, уаҟа сара сыхәмарраны сыҟоуп ароль хада", - ҳәа лыгәҭакқәа дырзааҭгылеит артистка.
Алиса Гыцԥҳа рнапы лзеинырҟьахьеит ЕАА, Франциа, Германиа, Испаниа, Италиа, Ливан иреиӷьу рзалқәа. Алиса Гыцԥҳа Урстәылеи уи анҭыҵи аконцертқәа рацәаны ирылҭоит. Шықәсқәа раԥхьа Sputnik Аԥсны аинтервиу аналҭоз артистка илҳәеит, зегь иреиҳау агәыхыҭхыҭреи аҭакԥхықәра дуи зцу лыԥсадгьыл Аԥсны имҩаԥылго аконцертқәа роуп ҳәа лыԥхьаӡоит. Ус иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы.
Алиса Гыцԥҳа Аԥсны имаҷымкәан аконцертқәа мҩаҧылгахьеит. Урҭ рахьтә еиҳа лгәалашәараҿы иаанхеит Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҟны игаз Аиааира 20-шықәса ахыҵра иазкны имҩаҧылгаз аконцерт. Лара ишазгәалҭо ала, ари аконцерт аҭыԥ ҷыда ааннакылоит лыҧсҭазаараҟны.
Аиааира 20 шықәса анахыҵуаз, 2013 шықәсазы Аҧсны иқәыргылаз "Реквием" (Джузеппе Верди) аҧшьгаҩыс дыҟан. Ари еиҧш иҟаз аус мҩаҧысит еиуеиҧшым аганқәа рыцхыраарала: Аҧсни Урыстәылеи ркультуратә аамҭа, Аҧсны аиҳабыра Аиааира 20 шықәса ахыҵра азгәаҭара знапы ианыз аиҿкааратә комитет. Иааҧхьан Москватәи асолистцәа, Шәачатәи асимфониатә оркестр, асопрано назыгӡоз Алиса Гыцԥҳа лакәын.
"Аконцерт мҩаҧысуан аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Сара сзыҳәан ари акыр зҵазкуаз хҭысын. Уи ала исҳәеит сгәы иҭыхоз, иаҳхысыз аибашьра сшазыҟаз, иҭахаз сгәаласыршәеит, рҭаацәагьы срыдышшылеит", - лхәоит ашәаҳәаҩ.
Алиса Гыцԥҳа дпатриот дууп. Акыршықәса Урыстәыла дшынхогьы, лхәыцрақәа зегьы лыҧсадгьыл иадҳәалоуп. Алиса Гыцԥҳа лҭаацәараҿы ирызҳауеит амузыкатә баҩхатәра змоу аԥеи аԥҳаи, лыԥшәма – амузыкант игәаанагарагьы аҵак ҷыда амоуп.