Баҭал Ҷежьиа Тамбов ареитингтә қәгылара далахәхоит

© SputnikБатал Чежия
Батал Чежия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа спортсмен диндаҭлоит Воронежтәи абоксиор Андреи Ченцов. Иара иқәгылараҿы фынтә диааихьеит, ҩынтә даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарыла иқәгылара хиркәшахьеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа Тамбов ареитингтә қәгылара далахәхоит ԥхынҷкәын 26 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара аспортсмен ихаҭа.

"2020 шықәса цәыббрамзаахыс сара Москва аҽазыҟаҵарақәа сырҿын. Ақәгылара мҩаԥгахараны иҟан абҵарамзазы, аха аепидемиа иахҟьаны иахыган атурнир. Сара сзындаҭло именеџьер аҭел дысзасит, сара сақәшаҳаҭхеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсуа спортсмен диндаҭлоит Воронежтәи абоксиор Андреи Ченцов. Иара иқәгылараҿы фынтә даиааихьеит, ҩынтә даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарыла иқәгылара хиркәшахьеит. Ҷежьиа иажәақәа рыла аисара аинтерес аҵаны иҟалароуп.

Бокс - Sputnik Аҧсны
Аиааира, аҵахара, аиҭахара: аԥсуа спортсменцәа абокс ахәылԥазқәа рҿы ишықәгылаз

Чежьиа аиааира илшар, адунеитәии урыстәылатәии абоксиорцәа рреитинг аҿы даҽа шьаҿак ԥхьаҟа иҟаиҵоит.

Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа адунеитә реитинг аҿы 183-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла иреиӷьу жәаҩаҩык дрылахәуп.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, иахьазы жәантәтәи иқәгыларақәа рҟынтәи жәынтәы иааирала ихиркәшахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0