Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа Аконституциа аԥсахрақәа ирызкны: апарламенттә ҳәынҭқарра аргылараҟынӡа ҳамнеицт

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аконституциатә реформазы акомиссиа раԥхьатәи аилатәараҟны излацәажәаз, иԥсахтәу, иԥсахтәым ахәҭақәа ҳәа иазгәарҭаз.

Аконституциатә реформазы акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥигеит ԥхынҷкәын 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 2020 шықәса жьҭаарамза 10 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи асистема аиҭакра иазкыз арҽеирақәа разырхиара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсны ахада инапы аҵаиҩит Аконституциатә реформазы акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа. Уи напхгара алҭоит ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Наҭелла Акаԥҳа.

Хра злоу ахҭысқәа: Габниа Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара иазкны

"…Аконституциа актәи, аҩбатәи ахәҭақәа зынӡа алакьысшьа рымам ҳәа ирыԥхьаӡоит акомиссиа иалоу. Уи Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ауаа рзинқәеи ртәы зҳәо ахәҭақәа роуп. Сара иацысҵоит даҽакы, азакәан хада абыжьбатәи ахәҭаҟны алагалақәа, аԥсахрақәа Аконституциаҟны ишымҩаԥысуа ҳазҳәо, уигьы ҳалакьысуам, уи ирӷәӷәаны иарбоуп. Еиҳарак ҳрылацәажәон агәаанагарақәа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчқәа реизыҟазаашьақәа хәыҷык иаҳа еиҟаратәхарц, амала апарламенттә ҳәынҭқарра аргылара аҟынӡа ҳара ҳамнеицт", - иҳәеит Габниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Аԥсны Аконституциатә реформазы акомиссиа аилазаараҟны иҟоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, азиндырҩцәа: Асҭамыр Ҭаниа, Арда Иналиԥа, Баҭал Табаӷәуа, Асҭамыр Аппба, Саида Быҭәба, Витали Габниа, Алхас Ҭҳагушев, Гиви Габниа, Саид Гьезердаа, Кама Џьынџьал, Ҭамаз Қьецба, Олег Папасқьыр, Диана Ԥлиа, Сергеи Смыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0