Аԥсны аоперштаб: COVID-19 злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, 93 хҭыс ҿыц ҟалеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на коронавирус в Забайкалье
Тестирование на коронавирус в Забайкалье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 367-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 93-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7136-ҩык ыҟоуп, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ргәы бзиахеит 5187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 97-ҩык.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 5 рзы иуадаҩны ихигоз акоронавирустә инфекциа иманы, иара убас уи адагьы илаз ачымазара аҽарӷәӷәеит. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит ԥхынҷкәын 12 рзы.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 1952 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 18 рзы акоронавирустә инфекциа иманы. Иақәнагаз амедицинатә цхыраара шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит ашьыжь ԥхынҷкәын 12 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 96-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 88-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 51-ҩык пациент. 48-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0