АҞӘА, ԥхынҷкәын 15– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 595-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 140-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 108-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 95-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 36-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа. Рҭагылазаашьа бааԥсуп ҩыџьа. Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҟны ишьҭоуп 26-ҩык, Гагра 31-ы.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 52-ҩык пациент. 48-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>