Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чхапелиа иҭырхуа афильм "Амилициа аусзуҩ Ҷыҷын" азы: узырччаша рацәоуп

© Foto / предоставлено Джамбулом ЧхапелияДжамбул чхапелия
Джамбул чхапелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра аоператор Џьамбул Чхапелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акомедиатә фильм "Амилициа аусзуҩ Ҷыҷын" аус шадыруло иколлега Михаил Братухини иареи, ахәаԥшцәа ирызнаргарц ргәы ианҭоу атәы.
Чхапелиа иҭырхуа афильм "Амилициа аусзуҩ Ҷыҷын" азы: узырччаша рацәоуп

"Зметраж дуу афильм аҭыхра аидеа изцәырҵит Михаил, ҵыԥх асценари иҩит. Ихадоу ароль насыгӡоит сара. Афильм иахьӡуп "Участковыи Ҷыҷын". Ахҭысқәа ақыҭаҟны имҩаԥысуеит. Иара ақыҭагьы ахьӡ аҳҭеит Кәымпылкәаԥ ҳәа, аӡәгьы даҳмыргәаарц. Узырччаша рацәоуп. Ихадоу даҽа рольк наигӡоит Тҟәарчалтәи атеатр актиор Нур Џьынџьал. Дыхәмаруеит убасгьы Ахра Кәарҷиа, егьырҭ акино аҟны зыҽҭызымхыц роуп, жәҩык афильм аҿы ихәмаруеит", - иҳәеит Чхапелиа.

Иара иазгәеиҭеит афильм ахәаԥшцәа ирыдыргаларц шырҭаху Ашықәс ҿыц аныҳәазы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0