Урыстәылеи Британиеи рҳаиртә еимадара мчыбжьык аҩныҵҟа иаанкылахоит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервый полет нового российского пассажирского самолета Ил-114-300
Первый полет нового российского пассажирского самолета Ил-114-300 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа амутациа аҭагылазаашьа ҿыцқәа аҽрықәнаршәоит. Ԥхынҷкәын агәазы амутациа ҿыц азгәаҭан Еидҵоу акралраҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Урыстәылеи Британиа дуи рҳаиртә еимадара мчыбжьык аҩныҵҟа иаанкылахоит ԥхынҷкәын 22 асааҭ 0.00 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Аоперативтә штаб адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Акоронавирустә инфекциа ҿыц аламырҵәареи аламгалареи рзы Аоперативтә штаб аӡбра аднакылеит аамҭала Урыстәылеи Британиа дуи рыбжьара аҳаиртә еимадара аанкылазарц. Аԥкырақәа амчра роуеит ԥхынҷкәын 22 асааҭ 0.00 инаркны мчыбжьык аҩныҵҟа",- аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа 20 инарзынаԥшуа тәыла Британиа дуи дареи рыбжьара атранспорттә еимадара ааныркылахьан акоронавирустә инфекциа аштамм ҿыц ахьаарԥшу иахҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0