Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Ажара COVID-19 азы аҭагылазаашьа иазкны
"АҶА рыцхыраарала ахәышәтәырҭахь иааган еиҳа зҭагылазаашьа цәгьаз хҩык ачымазаҩцәа. Аҩны иаанхеит даҽа ԥшьҩык, урҭгьы ртестқәа ангәаҭаха еилкаахеит ишычмазаҩу, аӡәы сырахә сзааныжьуам иҳәеит, егьы уамак сыхьуам иҳәеит, урҭ макьана аҩны иҟоуп. Ачымазаҩцәа зегьы рахьынтә макьаназы ишәарҭоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ачымазара ишнанагаз ҳәа макьана еилкааны иҳамаӡам, ҳгәыӷуан ҳацәыхьчахап ҳәа, аха иамуит. Ақыҭаҿы амбулаториа ыҟоуп, амедиаҳәшьагьы излалылшо, илымоу ахәшәқәа рыла дрыцхраауеит, аха урҭгьы маҷуп. Днеины-дааиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟаӡам, ацхыраара лассы амашьына аус ауӡом, иажәит", - иҳәеит ақыҭа ахада.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа руак анхацәа акоронавирус рыдбалоуп