Аԥсны АҶА аусура арежим ӷәӷәахь иианагоит аныҳәа аламҭалазы

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АҶА аҟәшақәа рнапхгаҩцәа аныҳәаамҭаз апрофилактикатә уснагӡатәқәа рхыԥхьаӡара дыррацәоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны АҶА аҟәшақәа зегьы русура арежим ӷәӷәахь иианагоит аныҳәа аламҭалазы ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Квициния Тимур - Sputnik Аҧсны
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа АҶА арҭҟәацгақәа рзы имҩаԥырго агәаҭарақәа ирызкны

Раԥхьа иргыланы аныҳәамшқәа раан ауааԥсыра амцакраҿагыларатә ԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп. Аиҳарак иҵарны иқәгылоуп зхаҭабзиара лаҟәу апиротехникеи агирлиандақәеи рхархәара. Уи абылрахьы икылнагар алшоит.

Амцарцәаратә ҟәшақәа рнапы ианҵоуп апиротехникатә аалыҵ ахьырҭиуа аҭыԥқәа ргәаҭара, апрофилактикатә усурақәа араионқәеи ақалақьқәеи рҿы амҩаԥгара.

Аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит аепидемиологиатә ҭагылазашьа иаҿырԥшны амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рыбжьара ишалшо ала авирус аламырҵәараз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргароуп ҳәа.

Аминистр иазгәеиҭеит аныҳәаламҭалатәи ауснагӡатәқәа зегь шаԥихыз, итрадициатәу аныҳәатә банкет инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0