Владислав Арӡынба ибаҟазы апроектқәа рыдкылара ԥхынҷкәын 30 рзы ихыркәшахоит

Анапаҵаҩра
Абаҟа иреиӷьу апроектазы ишәахоит 200 000 мааҭ. Иара Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы иқәыргылахоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Владислав Арӡынба ибаҟа ақәыргыларазы жәларбжьаратәи апроектқәа рыдкылара ԥхынҷкәын 30 рзы ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Ԥхынҷкәын 22 2020 шықәса рзы аусутә гәыԥ анапы ианырҵеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы апроект усумҭақәа рыдкылара хдыркәшарц.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Аиндаҭлара аԥҟарақәа рыла Владислав Арӡынба ибаҟа иреиӷьу апроект азы аицлабра амҩаԥгара акритериқәа иазԥхьагәарҭароуп аскульптура ахаҭеи, ихаҿсахьа ииашаны азнагашьеи, аргыламҭа архитектуреи. Аусумҭақәа нарышьҭыр ҟалоит арҿиаратә коллективқәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи.

Владислав Арӡынба – аҵарауаҩ, аполитик, Аԥсны Раԥхьатәи ахада. Иара ареспублика ахадараҿы дгылан реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы, иахьатәи Аԥсны аҳәынҭқарра дашьаҭаркҩуп. 1989 шықәса рзы Владислав Арӡынба СССР жәлар рдепутатси СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатси далхын. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы дгылеит. 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәсазы аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0