Избанзар ажәлар игәра ргон: Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалырхыз

Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 24, 1990 шықәсазы Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс далхын Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Уи шыҟалаз атәы Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа лматериал аҿы.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Владислав Григори-иԥа Арӡынба аполитикаҿы дцәырҵит Аԥсны иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы. Уаанӡа иара акыраамҭа инапы злакыз аҭҵаарадырра аус аҿы иман аихьӡара дуқәа.

Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз

Жәлар рдепутатцәа СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак далахәылаҩны даныҟаз автономтә еиҿкаарақәеи Асовет Еидгыла ажәлар маҷқәеи рзинқәа рыхьчара иазкыз аӡбатәқәа рыдкылара дацхраауан. Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараан, 1988 шықәса рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт директорс далырхуеит. 1989 шықәса рзы Владислав Арӡынба Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Жәлар рдепутат иаҳасабала автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә статус азы акомиссиа далан.

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

"Усҟантәи аполитикатә ҭагылаазашьа мариаӡамызт. Ибзианы иаҳдыруеит Асовет ҳәынҭқарра аилаҳарахьы ахы шархахьаз. Ирацәахеит ахынҭаҩынҭрақәа. Қырҭтәыла акәзар, еиҳа-еиҳа Аԥсны иақәмақаруа иалагеит, ақырҭуа интеллигенциа, адепутатцәа автономиа зынӡагьы иаԥыхтәуп ҳәа иқәгыло иалагеит. Усҟан Владислав Григори-иԥа СССР Аҳәынҭқарра Аԥсны ахьӡала депутатс дыҟан, нас аԥсуаа интеллигенциа ирыӡбеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дҟалароуп ҳәа. Избан акәзар ажәлар игәра ргон, изныкымкәан ибжьы раҳахьан", - ҳәа дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кобахьиа.

Владислав Арӡынба изныкымкәан имҩаԥысуаз аизарақәа рыҟны дықәгыланы аԥсуа депутатцәа рҿахәы иҳәахьан. Ажәлар рзин, аԥсуаа рытрагедиа, ақырҭқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыхра рыҽшазыршәо атәы адунеи ахы-аҵыхәа иаҳарц дазықәԥон. Бӷас имаз, ивагылоз, зыгәра игоз ижәлар ракәын. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс иалхра ақырҭуа еиҳабыра зынӡа иаҿыгало иалагеит.

Лили Дугужевна Бганба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бганԥҳа илгәалалыршәеит Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалхыз

"Иазгәаҭатәуп, Ахеилак хантәаҩыс далырхаанӡа ақырҭуа ҳәынҭқарра ирыдыркылеит убри аҩыза азакәан адепутатцәа ралхра иадҳәалаз. Уаҟа излаҳәо ала, СССР адепутцәа ракәын азин змаз ари аҩыза аҭыԥ аанкылара, Автономтә ҳәынҭкаррақәа уаҟа аҭыԥ рымаӡамызт. Уи иаанагоз уи акәын, ҳара аԥсуаа усҟан ҳавтономтә ҳәынҭқарран азын, уахь азин ҳамаӡамызт, ҳзинқәа хьчаӡам ҳәа. Ҳәарада уи аҩыза аҭагылазаашьа ажәлар гәыҵхас ироуеит. Уи акәхеит, Иреиҳаӡоу Ахеилак аԥсуа депутатцәа злахәыз ҩынтәны аилатәара мҩаԥыргеит Владислав Григори-иԥа хымԥада хантәаҩыс дшалырхуаз ала", - ҳәа дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Владислав Арӡынба ибзиаӡаны идыруан дызну амҩа, уи шыуадаҩыз, аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара усҟак ишымариамыз атәы. Аԥынгылақәа шырацәазгьы, зегьы акоуп иара илшеит ижәлар реидкылара, игәра ргартә еиԥш аусқәа рымҩаԥгара, рзинқәа рыхьчара.

"Ари амш, ари арыцхә аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, избан акәзар аԥсуа милаҭ, аԥсуа ҳәынҭқарра даҽа мҩа дук ианылеит. Зегь раасҭа ихадароу - ажәлар агха рмыхьӡеит Владислав Арӡынба Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дахьалырхыз. Иара иҟәышра, иара идырра, ихәыцшьа, егьырҭ аԥсуа дипломатцәа ивагылази иареи рыбзоурала ииашоу, ихьыԥшым амҩа ҳанырҵеит аԥсуа жәлар", - ҳәа иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кобахьиа.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. 1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба Аԥсни аԥсуа жәлари рҿаԥхьа илшамҭақәа шьардаӡа ирацәоуп: уи инапхгарала иалыршахеит ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа аԥсуа дгьыл рықәцара, насгьы аибашьра Аԥсныжәлар риааирала ахыркәшара. Иара иаԥшьгарала имҩаԥысуан ихьыԥшым Аԥсны Аконституциа ҿыц ашьақәыргылара, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи, Аԥсны Арбџьармчқәеи, егьырҭ амчратә структурақәеи уҳәа аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы иаҭаху аинститутқәа зегьы реиҿкаара.

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик ҳәа ахьӡ ихҵоуп, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа далахәылаҩын. Ианашьоуп В. И. Вернадски ихьӡ зху апремиа. Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0