АҞӘА, ԥхынҷкәын 29- Sputnik. Аԥснытәи атуристтә қалақь Гагра Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы аҳәса иалыркаауа ақалақьқәа рсиа иаҵанакит. Абри атәы аанацҳауеит аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура Tvil.ru.
Гагра ахәбатәи аҭыԥ аннакылеит, 10 процентк абжьы аиуны. 2021 шықәсазы аҳәса иалыркааз ақалақьқәа иреиуоуп:
- Севастополь - 24%
- Санкт-Петербург - 20 %
- Анапа - 15 %
- Казань - 12 %
- Гагра - 10 %
- Суздаль - 9%
- Кимры - 5%
- Москва - 4%
Амаҵзураҿы ирҳәоит аҳәса еиҳарак аотельқәеи аотель маҷқәеи алыркаауеит, 3-6 мшы иаангылоит, уахыктәи рныхрақәа 3-10 нызқь итәоит ҳәа.
Аҳәса ртуризм еиҳа-еиҳа ирылаҵәо иалагеит аҵыхәтәантәи аамҭазы, аҳәса рныҟәара иахықәкуп: момкеишн (анацәа русқәа рҟынтәи рыԥсшьара), ахәаахәҭра, аибадырра, аекскурсиақәа, аспорт, антистресс уҳәа егьырҭгьы.
2020 шықәса рзы ахаланыҟәарақәа 21 процент ирызҳаит. Аиҳаракгьы Урыстәыла ақалақьқәа рахь. Иныҟәо реиҳара ҳәсоуп ҳәа азгәанаҭоит Tvil.ru. Иҟалоит ԥхьаҟа аотельқәа рзы ҷыдала аҳәса рҭыԥқәа, ахацәа анеира азин ахьрымам еиҿкаахар. Асеиԥш аотельқәа егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ашықәс ҿыц азы аԥсшьараз Аԥсны урыстәылаа еиҳа иалыркаауа хырхарҭахеит