Аинтернет аҿы аамҭалатәи аԥкрақәа заларгалаз, уи аус шауло атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТамбовский филиал ПАО "Ростелеком"
Тамбовский филиал ПАО Ростелеком - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь ԥхынҷкәын 28 рзы адҵа ҟаиҵеит акриптовалиута аиура иадҳәалоу аԥкрақәа алагалазарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Акриптовалиута аиура иадҳәалоу аусурақәа рзы аинтернет аиураз аԥкрақәа ралагалара аамҭала аенергосистема ахьанҭара аҵхроуп изызку ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аҿы Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роланд Ратиа.

"Ареспублика аенергосистема аидара еиҳа-еиҳа иазҳауеит, убри инадҳәаланы иӡбоуп аинформациа-телекоммуникациатә ҳа "Интернет" абонентцәа акриптовалиута аиураз аусура рылзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәа рдаҟьақәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рырбагақәа рхархәаразы аԥкрақәа алагалазарц. Иалшо аабап. Сгәыӷуеит афымцаҳақәа маҷк иадамзаргьы рхы иақәиҭаҳтәып, Ашықәс ҿыц азгьы алашара арцәара ҳақәымшәап ҳәа", - иҳәеит иара.

Ҳалуашь иажәақәа рыла, аусԥҟа анагӡашьаз ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аԥсны Аҳәынҭеимадара ахылаԥшраз адепартамент.

"Аӡәгьы иҳәом аҭыӡҭыԥқәа зегь аблокада рзаауеит ҳәа, аха егьа ус иҟазаргьы, аус хра аиуеит. Аригьы акала авсшьа аԥшаара иашьҭалозар акәхап, аха ма аамҭак асистема аԥсы аҳаршьоит", - ҳәа иҳәеит иара.

ИАЕ "Абаза-Телеком" адиректор хада Алексеи Гьериа иажәақәа рыла, аинтернет проваидерцәа рзы уадаҩрак амам Аилак адҵа анагӡара. Уи азы аԥарацҵагьы аҭахым, аресурсқәагьы аҭахым.

Сетевое оборудование в серверной. - Sputnik Аҧсны
Аимадараз аҳәынҭеилакы аинтернет аиураз аԥкрақәа аланагалоит амаинингқәа ирхырҟьаны

"Аблокада ззутәу аҭыӡҭыԥқәеи асаитқәеи рсиа ҳарҭоит. Ауаҩы ари асаит аҭалараз азыҳәа ҟаиҵар, аҭак иоуам. Ари аҩыза апрактика ахархәара амоуп Урыстәылагьы", - ҳәа иҳәоит иара.

Гьериа иазгәеиҭеит ахархәаҩцәа жәпаҩык агәаанагара шрымоу аинтернет ахаҭа ахархәара уадаҩхар ауеит ҳәа.

"Аинтернет ахархәаҩцәа жәпаҩык агәаанагара рымоуп аинтернет ахаҭа ахархәара уадаҩхар ауеит ҳәа. Ари ацәшәара аҭахӡам. Ҳара аҟазауаа адҵа раҳҭоит, дара асаитқәа иҟоу асерверқәа рахь иҭаргалоит. Арҭ асаитқәа даҽакала аус рулоит. Уи знык иҟауҵоит, уаҳа акгьы аҭахым", - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын 8 раахыс амаининг фермақәа русура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

Ԥхынҷкәын 28 рзы аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь адҵа ҟаиҵеит акриптовалиута аиура иадҳәалоу аԥкрақәа алагалазарц.

Аимадара аоператорцәа рнапы ианҵоуп иахәҭоу атехникатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц акриптовалиута аиураз аусура алзыршо адоментә хьыӡқәа реиқәыԥхьаӡа, асаитқәеи аҳатә ҭыӡҭыԥқәеи рдаҟьақәа рырбага рхархәара алмыршаразы.

Акриптовалиута аиуразы аусурақәа рыԥкыраз адҵа амчра аиуит ԥхынҷкәын 29 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0